Print this page
Ахәаша, 07 Абҵара 2025 19:08

Гәынба Бадра аҳәынҭқарратәи ауаажәларратәи усзуҩцәа Џьынџьал Сократ, Дамениа Олег, Гәырџьуа Валери дырԥылеит

Аиԥылараан ирылацәажәеит машәырла иҭахаз иналукааша аҵараууаҩ, аҳәынҭқарратә усзуҩы Лакоба Станислав ихьӡ анаӡаӡатәра инамаданы аҳәынҭқарратә комиссиа аԥҵара иазкыз азҵаарақәа.

 

  Станислав Зосим-иԥа иҩызцәеи ицнагаҩцәеи аҳәынҭқарра Ахада иҟны ажәалагала ҟарҵеит ихьӡ анаӡаӡатәра инамаданы аҳәынҭқарратә комиссиа аԥҵареи иҭҵаарадырратә ҭынха аиқәырхареи рзы.

 Гәынба Бадра иазгәеиҭеит абас еиԥш иналукааша ауааи урҭ атәыла аҿиараҿы рлагаламҭеи аҵак ду змоу ҳәынҭқарратә уснагӡатәны ишыҟоу. Аҳәынҭқарра Ахада игәалаиршәеит  Станислав Лакоба иҭахара мышқәак шагыз реиԥылара шымҩаԥысыз, иаҵшьны иҳәеит усҟан реиԥылараан иалыршаз аиқәшаҳаҭрақәа  хымԥада ишынагӡахо. 

Ахада иҳәеит хара имгакәа Лакоба Станислав ихьӡ анаӡаӡатәреи иҭҵаарадырратә ҭынха аиқәырхареи рзы Аҳәынҭқарратә комиссиа шаԥҵахо.

Read 8 times Last modified on Ахәаша, 07 Абҵара 2025 19:14