Шәарах Ҧачалиа ихьӡ зху Тҟәарчалтәи аҳәынҭқарратә комедиатә театр аҧҵоижьҭеи 70 шықәса ҵит. Арҿиаратә коллектив аиубилеи рыдиныҳәалеит Аҧсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра
▫️ Адныҳәаларатә шәҟәаҿы иҳәоуп: ▫️ «Ҳаҭыр зқәу Шә. А. Ҧачалиа ихьӡ зху Тҟәарчалтәи аҳәынҭқарратә комедиатә театр аколлектив!
▫️ Гәык-ҧсык ала ишәыдысныҳәалоит шәтеатр аҧҵоижьҭеи 70 шықәса аҵра!
▫️ 1955 шықәса рзы иаартыз Тҟәарчалтәи жәлар рытеатр иалнаршаз рацәоуп аҧсуа милаҭтә культура аӡыргаразы. Аусра анхацыркыз инаркны иаразнак хадара злоу культуратә хәышҭаараны иҟалеит ашахтиортә қалақь иаланхоз ауааҧсыра рзы.
▫️ Атеатр ахәаҧшцәа ирыднагалон ҟазарала иқәыргылаз аҧсуа драматургцәеи Урыстәылеи, егьырҭ атәылақәеи рыклассикцәеи рҩымҭақәа ирылхыз аспектакльқәа.
▫️ Еиуеиҧшым аамҭақәа рзы Тҟәарчалтәи атеатр аҿы аус руан еицырдыруа Аҧсуа ҳәынҭқарратә драматә театр актиорцәа.
▫️ Лымкаала хшыҩзышьҭра аҭатәуп Аҧсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа рзы ари акультура ахәышҭаара аусура. Атеатр аиҭашьақәыргылара аблокада ӷәӷәа зхызгаз Ақалақь-Фырхаҵа Тҟәарчал аиҭаира асимвол хадақәа ируакхеит. СССР Жәлар рартист Шәарах Ҧачалиа напхгара зиҭоз акомедиа атеатр гәышьҭыхганы иҟалеит имариамыз аибашьра ашьҭахьтәи ашықәсқәа рзы.
▫️ Аҧсны Актәи Ахада Владислав Арӡынба иусҧҟала Тҟәарчалтәи атеатр иахҵан аҳәынҭқарратә статус.
▫️ Аҽхәаҧхьыӡ иаҧсоуп атеатр ҳаамҭазтәи аусураҿы иалнахыз аҟазшьа ҷыда - аҧсуа қыҭақәа рҭаара. Хымҧада, атеатртә ҟазара ауааҧсыра, аиҳаракгьы аҿар радҧхьаларазы ари ус дууп.
▫️ Акыр иаҧсоу Тҟәарчалтәи атеатр иахьатәи актиорцәа, еиуеиҧшым аамҭақәа рзы ара аус зуаз, ишәзеиӷьысшьоит агәабзиара, аманшәалара, шәнапы злаку арҿиара аус аҿы аихьӡара дуқәа!
▫️ Ахәаҧшыҩцәа рыбзиабара еснагь ишәыцзааит. Ҽааныбзиала шәнеиааит!»