▫️ Аҳәынҭқарра Ахада ихьӡала адныҳәаларатә цҳамҭа даԥхьеит Очамчыра араион администрациа ахада ин.н. Кациа Алхас.
▫️ Адныҳәалараҟны, ҷыдала, иҳәоуп:
▫️ «Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар, аерман еидгылара ахаҭарнакцәа, асасцәа!
▫️ Есышықәса Аԥсны аерман еидгылара имҩаԥнаго Амшен аныҳәа традициа бзианы, бзиа ирбо жәлар рныҳәаҵас иҟалеит. Уи аиҩызара, аҳаҭыреиқәҵара, милаҭрацәалатәи Аԥсны жәлар ракзаара иасимволны иҟалеит.
▫️ Акымкәа аерманқәа рабиԥарақәа ҳара ҳадгьыл аҿы инхоижьҭеи акрааҵуеит. Урҭ Аԥсны ԥсадгьылс ирзыҟалеит. Аҵак ду аман есқьынгьы аерман еидгылара алагаламҭа ҳреспублика аҿиараҿы.
▫️ Хашҭшьа амаӡам Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраан ҳаԥсадгьыл ахьчаҩцәа ирывагыланы иқәԥоз амаршал Баграмиан ихьӡ зху аерман баталион. Урҭ рфырхаҵара, иаадырԥшыз ахачҳара, ахамеигӡара ҳзеиԥш ҭоурых иазынхоит наунагӡа. Иҭахаз афырхацәа рыхьӡ кашәара ақәӡам.
▫️ Иахьа Алик Минасиан дызхагылоу аерман еидгылара ҳреспублика аԥсҭазаара активла иалахәуп, аԥшьгара бзиақәа ирыдгылоит, ауаажәларра рыҩныҵҟа амилаҭбжьаратә ҳәоуеиқәшәара арӷәӷәара иацхраауеит. Урҭ рааԥсареи Аԥсны разыҟазаашьеи аҳаҭырқәҵара ду иаԥсоуп.
▫️ Акыр иаԥсоу аҩызцәа!
▫️ Аныҳәа Амшен аԥхьаҟагьы агәылеимабзиареи акзаареи ирсимволзааит. Ҩнаҭацыԥхьаӡа иагымзааит аҭынчра, ахирра, аҳәоуеиқәшәара.
▫️ Аԥсны иқәынхо ауааԥсыра зегьы ирзеиӷьасшьоит аҭынчра, аизҳазыӷьара, анасыԥ!
▫️ Иеизҳазыӷьалааит милаҭрацәала еилоу ҳреспублика аԥхьаҟатәи абиԥарақәа рԥеиԥш бзиа ахьӡала!
▫️ Ҽаанбзиала шәнеилааит, акыр иаԥсоу аҩызцәа!»