Print this page
Аҩаша, 18 Абҵара 2025 13:06

Ахада Гагра ақалақь аҟны ӡыла аиқәыршәара иазку аобиектқәа рырҽеиратә усурақәа дырҭааны ибеит

Г

 

▫️ Гагра ақалақь аҟны ӡыла аиқәыршәара иазку аобиектқәа реиҭашьақәыргыларазы арҽеиратә усурақәа мҩаԥысуеит. Арҿыцратә усура 2000-и 4000-и кубтә метра зкуа аӡымҩангагатә мкьаҭқәа ҩба рыҟны имҩаԥысуеит.   

▫️ Аусуратә ныҟәара аҳәаақәа ирҭагӡаны араион иаҭааз Ахада аусурақәа шымҩаԥысуа азы адырра ииҭеит Шьаҭанкылатәи аргылара аусбарҭа аиҳабы Гамсаниа Демир.  

 

▫️«Ҳазҭагылоу аамҭазы аусурақәа мҩаԥысуеит аӡыржәтә амҽхак аизырҳареи Гагра ақалақь ӡыла аиқәыршәареи рзы аӡҭыгагатә станциақәеи амкьаҭқәеи шьаҭанкыла реиҭашьақәыргыларазы.

 

▫️ Иахьа уадаҩрас иҟоу ақалақь ӡыла аиқәыршәара злалыршахо аӡҭыгагақәа Репруа аӡиас аҟнытә иҭырго аӡы мацаралоуп. 

 

▫️ Иҟоу аӡеизакырҭатә мкьаҭ иахьа аҭагылазаашьа уашәшәыроуп, иара иҭаӡоит 3000 кубтә метра. 

 

▫️ Арҽеиратә усурақәа рымҩаԥгара анаҩс аӡеизакыра амч ҩынтә, хынтә раҟара ацҵара ҳалшоит», — иҳәеит Шьаҭанкылатәи аргылара аусбарҭа аиҳабы Гамсаниа Демир.

 
Read 5 times Last modified on Аҩаша, 18 Абҵара 2025 14:20