▫️ Ари аԥхьа ашкол ахыбра закәандарала априватизациа азуын. Гагра араион администрациа иабзоураны аҳәынҭқарратә хатәтәрахьы ирхынҳәын.
▫️ Аҳәынҭқарра Ахада иаҵшьны иазгәеиҭеит Гагра араион анапхгара ашкол аҳәынҭқарратә хатәтәрахьы архынҳәразы иаднакылаз азыӡба аҵакы, уи иашаны ишыҟаҵаз ҳәаны.
▫️ Аиҭашьақәыргыларатә усурақәа мҩаԥысуеит Гагра араион ахарџьқәа рыла.
▫️ Ахада иазгәеиҭеит Гагра араион афинанстә цхыраара шаҭахо арҿыцратә усурақәеи ашкол аартреи рырццакразы.
▫️ Арҿцыратә усурақәа рхыркәшара ашьҭахь Цандрыԥшь аҳаблаҟны раԥхьаӡакәны аԥсуа школ аартхоит 600-ҩык ахәыҷқәа аҵара дырҵаразы алшара аԥҵаны.
▫️ Цандрыԥшь аҳабла администрациа ахада ихаҭыԥуаҩ Џьопуа Артур Ахада адырра ииҭеит ахәыҷбаҳчақәа разымхара шыҟоу азы.
▫️ Гәынба Бадра ирабжьигеит Цандрыԥшьтәи ашкол акорпусқәа руак рҿыцны ахәыҷбаҳчазы аиҭеибыҭара.
▫️ Араион анапхгара изыхәҭоу анапынҵа рыҭоуп уи анагӡаразы ажәалагалақәа разырхиаразы.