Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадра Абгархықә ақыҭа абжьаратәи ашкол даҭааит имҩаԥысуа арҿыцратә усурақәа ргәаҭаразы.
▫️ Аҳәынҭқарра Ахада инапынҵала Шьаҭанкылатәи аргыларатә усбарҭа 1900 ԥшьыркца метра рҟынӡа ахыб аԥсахразы аусурақәа мҩаԥнагоит. Ҳазҭагылоу аамҭазы иԥсахуп 1400 ԥшьыркца метра рҟынӡа.
▫️ Шьаҭанкылатәи аргыларатә усбарҭа аиҳабы Гамсаниа Демир иҳәеит аусурақәа амчыбжь иалагӡаны ишхыркәшахо.
▫️ Аҳәынҭқарра Ахада аргыларатә усбарҭа аиҳабы иирбеит уадақәак рыҟны аҭыӡқәа ирымоу аԥакәи.
▫️ Ахада иаҵшьны иҳәеит ахәыҷқәа ас еиԥш иҟоу аҭагылазаашьа ргәабзиара ишазеицәоу, хара имгакәа ари ари азҵаара аӡбара шаҭаху.
▫️ Ашкол аҟны иара убас 30 инареиҳаны ԥенџьыр ԥсахуп.
▫️ Ахада арҵаҩратә коллектив ирылеиҳәеит иааиуа амчыбжь азы ашкол иҿыцу ашколтә автобус шаиуа.