Агәабзиарахьчара аминистр Быҭәба Едуард Ахада адырра ииҭеит раԥхьатәи аԥҟара шымҩаԥысыз азы:
«Уажәы аҩбатәи аԥҟара мҩаԥысуеит. Уи зымаха-шьаха ашьазымхара иахҟьаны ашьапхҵәара зықәшәар ауаз ачымазаҩ иҟноуп. Абас еиԥш зтехнологиа ҳараку аԥҟара мҩаԥгамзар, хымԥада ашьапхҵәара иқәшәон. Уажәы ачымазаҩ ҷыдала хылаԥшра ахьимоу ахәышәтәырҭатә палатаҟны дыҟоуп. Аԥснытәи аҳақьымцәеи урыстәылатәи аколлегацәеи еидгыланы имҩаԥыргаз аԥҟара қәҿиарала ихыркәшоуп.
Абар аҩбатәи ачымазаҩгьы - ашьазымхара иахҟьаны агәыхь чымазара змоу. Абри аамҭазы ахирургиатә ԥҟара мҩаԥысуеит.
Аппарат аус шауа, аспециалистцәа шазыҟаҵоу азгәасҭарц сҭахуп. Аԥсҭаҵара, иаҭаху амаҭәахә, иара убас аԥҟара амҩаԥгаразы хархәара змоу афымцахархәара ацәыхьчара — ари зегьы еизакны иҟоуп ара», — иҳәеит Быҭәба Едуард.
«Имҩаԥгоу аусуразы иҭабуп ҳәа шәасҳәоит. Ҳазегьы иеилаҳкаауеит ауаҩы иԥсҭазаара аиқәырхара иамоу аҵакы. Аԥсны ас еиԥш, ирласны ачымазаҩ иеиқәырхаразы хырԥашьа змам ауснагӡатәқәа рымҩаԥгара алзыршо аҭагылазаашьа аԥҵара ҳазыԥшуижьҭеи акыр ҵуан. Агәра згоит, ари шәҩыла ҳауааажәлар реиқәырхара алнаршоит ҳәа. Ари аҵак ду амоуп», — иҳәеит Ахада.
Аҳәынҭқарра Ахада урыстәылатәи аҳақьымцәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит иҟарҵаз адгыларазы, ареспубликазы аҵак дуӡӡа змоу амедицинатә хырхарҭа анагӡара ахьалыршахаз азы.
«Ҳәарада, иҭабуп ҳәа иасҳәар сҭахуп Сергеи Владилен-иԥа Кириенко. Ангиограф азы адгылара ҳарҭарц иҟаҳҵаз ажәалагала иара иаразнак иақәҿиҭны, апроект адгылара аиҭеит. Мызқәак рышьҭахь ас еиԥш ацентр аартхеит ҳәа иахьа ҳазгәдуны иаҳҳәартә еиԥш алшара ҳамоуп», — иазгәеиҭеит Гәынба Бадра.
Аҳәынҭқарра Ахада иара убас иҭабуп ҳәа реиҳәеит УА Агәабзиарахьчара аминистрреи АА Агәабзиарахьчара аминистрреи.
Ахада иаҵшьны иҳәеит апроект иамоу аҵак ду ҳасаб азуны арҭ аҭагылазаашьақәа раԥҵаразы 70 миллион мааҭ инареиҳаны иазԥхьагәаҭамыз абиуџьеттә хархәагақәа шазоужь.
Гәынба Бадра атәылауаа агәабзиара рзеиӷьеишьеит, амедицинатә усзуҩцәа иҭабуп ҳәа раҳәаны.
Агәабзиарахьчара аминистр Быҭәба Едуард иазгәеиҭеит ари апроект анагӡараҟны Аԥсны Ахада ироль, аҳәынҭқарра Ахада иҟаиҵаз адгылара иабзоураны ари азҵаара ирласны аӡбара шалыршахаз.
Быҭәба Едуард Сергеи Кириенко ихьӡала ҷыдала иҭабуп иҳәеит иҟаиҵаз адгыларазы, иара убас ари ацентр амҩаԥысшьа хылаԥшра азуразы изныкымкәа Аԥсны иаҭаахьаз Урыстәыла агәабзиарахьчара аминистр Михаил Мурашко.
Быҭәба Едуард хазы иҭабуп ҳәа реиҳәеит аргылаҩцәа, дара ралахәрада апроект анагӡара шалымшоз, Ареспубликатә шьа-датә центр ҿҳәара кьаҿлагьы аргылара шалымшоз азгәаҭаны.