▫️ Иахьа Алада Уаԥстәыла Ахада ииубилеи азгәеиҭоит. Алан Гаглоев 45 шықәса ихыҵит. Аԥсны Ахада Гәынба Бадра ҭелла Алада Уаԥстәылатәи иколлега иирамш идиныҳәалеит.
▫ ️ "Алада Уаԥстәыла Ахада имаҵураҟны имҩаԥыжәго аҳәынҭқарратә усура атәыла асуверенитет арӷәӷәара, уи аинститутқәа рырҿиара, ажәлар ринтересқәа рыхьчара иазырхоуп", - иҳәеит Гәынба Бадра
▫️ Аԥсны ахада иазгәеиҭеит аиашьаратә республикақәа рхадацәа рыбжьара ишьақәгылаз гәык-ԥсыкалатәи, агәреибагаратә еизыҟазаашьақәа атәылақәа рыбжьара аусеицура арҭбаара иацхраауеит.
▫️ Гәынба Бадра иацҵаны иҳәеит Аԥсны ахә ҳаракны ишыршьо Алан Едуард-иԥа хаҭала ҳажәларқәа рыбжьара аиҩызареи, аилибакаареи, аусеицуреи рырӷәӷәараҿы илагала. Аԥсуа ҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит аиашьаратә еимадарақәа наҟ-наҟ еиҳагьы иӷәӷәахоит ҳәа агәаанагара шимоу.
▫ ️ Гәынба Бадра Алан Гаглоев изеиӷьеишьеит агәабзиара, аманшәалара, агәамч, Алада Уаԥстәыла ажәлар реизҳазыӷьаразы аҭакԥхықәра зцу аҳәынҭқарратә усураҿы ақәҿиарақәа.
Алада Уаԥстәыла ахада аԥснытәи иколлега иҭабуп ҳәа иеиҳәеит адныҳәалареи азеиӷьашьара ԥхақәеи рзы.