▫️ Аҳәынҭқарра ахада иҭабуп ҳәа ахиҳәааит ареспублика ашәахтә усбарҭақәа реиҭарҿыцра иазырхоу хәыда-ԥсада иҟаҵаз атехникатә цхырааразы.
▫️ Аҳәынҭқарра ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит хәыда-ԥсада атехникатә цхыраара аҟаҵаразы Аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра аԥснытәи ашәахтәшәаҩцәа алшара шырнаҭо аԥхьагылара змоу ашәахтә система ахархәаразы. Гәынба Бадра иажәақәа рыла, урыстәылатәи ацифратә мыругақәа ралагалареи ареспублика иахьаҵанакуа аԥышәаратә проект аусура аларгареи иалдыршоит ашәахтәтә хылаԥшра ахаҭабзиара акыр ашьҭыхра, абиуџьет ахашәалахәытә хәҭа аизырҳара иацхраауеит.
▫️ «Ари наҟ-ааҟ ҳҳәынҭқаррақәа рыҿиаразы аҭагылазаашьа бзиақәа раԥҵара иазырхоу усуп. Ҳшәахтә системазы урҭ иҷыдоу лшарақәоуп. Ҳара ахә ҳаракны иаҳшьоит иахьа ҳусбарҭақәа рыбжьара ишьақәгылаз аусеицура аҩаӡара», — иҳәеит Гәынба Бадра.
▫️ Аҳәынҭқарра Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко илагалеи ари апроект анагӡараҿы ганрацәала иҟаиҵаз адгылареи, иара убас Урыстәыла Афедералтә Шәарҭадаратә маҵзура анапхгаҩы Даниил Егоров иарбоу аԥшьгара аусура аларгараҿы хаҭалатәи илагалеи.
▫️ Урыстәылатәи Афедерациа Афедералтә шәахтә маҵзура анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Иулиа Шепелиова иазгәалҭеит Аиқәшаҳаҭра официалла анапаҵаҩра аԥхьа аусбарҭақәа рыбжьара аусеицура шымҩаԥысыз. Лара инаҵшьны иазгәалҭеит урыстәылатәи аган Аԥсны ашәахтә система Урыстәыла Афедералтә шәарҭадаратә маҵзуреи жәларбжьаратәии иреиӷьу аԥышәа аларҵәара хықәкыс ишамоу.
▫ ️ "Аиқәшаҳаҭраҿы иазгәаҭоу ахыдҵақәа зегьы хаҭабзиарала, ианаамҭоу инаҳагӡоит. Иазгәаҭоу аусмҩаԥгатәқәа рынагӡаразы ҳара ҳзы акраҵанакуеит ареспублика анапхгара аганахьала адгылара, аԥснытәи ҳколлегацәеи ҳареи ҳәоу еиқәшәарала ҳусеицура. Ҳара агәра ганы ҳаҟоуп ҳусеицураҿы аихьӡарақәа шҳауа», — лҳәеит Иулиа Шепелиова.
▫️
▫️ Иулиа Шепелиова АШӘМ анапхгаҩы Даниил Егоров иҟынтә Аԥсны Ахада ихьӡала иааиҭыз аԥсшәаҳәаратә иҭаныт, иазгәалҭеит аиҩызаратә тәылақәа зцу жәларбжьаратәи апроектқәа хшыҩзышьҭра ду шриҭо, Аԥсны аҭаарагьы игәы ишҭоу. Иара убасгьы Иулиа Шепелиова иазгәалҭеит ари ахырхарҭа Сергеи Кириенко иҟаиҵо адгылара иамоу аҵакы.
▫️ Ари аԥхьа Аԥсны ашәахтәқәеи аизгақәеи рминистр Бениа Едгари Урыстәыла Афедералтә шәахтә маҵзура анапхгаҩы Даниил Егорови рнапы аҵарҩит ашәахтә администрациа асистема аиӷьтәразы Урыстәыла Аԥсны хәыда-ԥсада атехникатә цхыраара аҭаразы Аиқәшаҳаҭра.