Print this page
Ахаша, 11 Жәабран 2026 14:56

Гәынба Бадра Гәдоуҭа араион ахадара аколлектив ахада ҿыц дыдирдырит

 

▫ ️ Аусмҩаԥгатә далахәын аҳәынҭқарра Ахада ихаҭыԥуаҩ Бигәаа Беслан.

 

▫ ️ Атәыла ахада Аҩӡба Валери иусуразы иҭабуп ҳәа еиҳәеит, иазгәеиҭеит Гәдоуҭа араион ахаангьы аҭыԥ  ду шааннакылоз атәыла аҿиараҿы, аԥсуа культуреи атрадициақәеи реиқәырхараҿы.

 

▫ ️ Бадра Гәынба араион аҭоурыхтә ҵакы шамоу инаҵшьны иазгәеиҭеит, изныкымкәа ара аԥсуа жәлар рлахьынҵа аӡбара шымҩаԥысуаз, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраангьы убрахь уахь иналаҵаны.

 

▫ ️ Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит 2026 шықәса ақыҭа иашықәсны ишрылаҳәоу, инаҵшьны иҳәеит уи анхыркәшахалак ақыҭақәа рызхьаԥшра шмаҷымхо. Ақыҭақәа рыҿиареи урҭ рҿы планла аԥсҭазааратә ҭагылазаашьақәа реиӷьтәреи ахықәкы хадақәа ируакуп.

 

▫ ️ Аҳәынҭқарра Ахада Аргәын Асҭамыр ақәҿиарақәа изеиӷьеишьеит, иҳәеит араион активи ақыҭақәа рхадацәеи аус рыцурала еиуеиԥшым аусхкқәа рҿы апроблемақәа жәпакы рыӡбара шалнаршо.  

 

▫️ Валери Аҩӡба администрациа ахада ҿыц  дидиныҳәалеит, иазгәеиҭеит иаҭаххар, ацхыраареи адгылареи рыҭара дшазыхиоу.

 

▫ ️ Асҭамыр Аргәын аҳәынҭқарра ахада иҭабуп ҳәа иеиҳәеит ирҭаз агәрагаразы, иҳәеит аколлектив лыҵшәа аманы аус рыцура алыршахап ҳәа игәы ишаанаго.

 

▫ ️ Валери Аҩӡба имаҵураҟынтәи ихы дақәиҭтәны Асҭамыр Аргәын араион ахада инапынҵақәа назыгӡо иаҭаразы аусԥҟақәа дрыԥхьеит Ахада Иадминистрациа анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Шамба Дмитри .

 

Read 3 times Last modified on Ахаша, 11 Жәабран 2026 15:06