Print this page
Ахаша, 11 Жәабран 2026 22:30

Аԥсны Ахада Бадра Гәынба Тҟәарчал араион администрациа аколлектив дыдирдырит ахада ҿыц ин.н. Герман Качараа

 
Аусмҩаԥгатә далахәын Ахада ихаҭыҧуаҩ  Бигәаа Беслан.


Аҳәынҭқарра Ахада Исидор Дочиеи администрациа аколлективи иҭабуп ҳәа реиҳәеит лыҵшәа змоу русеицуразы, иҳәеит анапхгаҩ ҿыц араион аҿиара аус аԥхьаҟагьы ацҵара илшап игәы ишаанаго.


Карчаа Герман Ахада иҭабуп ҳәа иеиҳәеит ииҭаз агәрагаразы, иҳәеит Тҟәарчал ауааԥсыреи атәыла анапхгареи рыцхыраарала илшо зегь шыҟаиҵо араион аҿиаразы.

Read 3 times Last modified on Ахаша, 11 Жәабран 2026 22:36