Print this page
Ахаша, 18 Жәабран 2026 15:42

Ахада Урыстәылатәи Афедерациаҟны официалтә визитла иҟазаара аихшьала ҟаиҵеит

Ихыркәшахеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Урыстәылатәи Афедерациахь иусуратә визит.

 

 Москва имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахадеи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои реиԥылара.

 

Аиԥылараан иалыршаз аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны Урыстәылатәи Афедерациа  Аԥсны Аҳәынҭқарра фымцамчла аиқәыршәаразы ацхыраара ҟанаҵоит Џьвартәи аӡеизакырҭаҟны аӡы аҩаӡара шьақәгылаанӡа. Абри инамаданы  Урыстәылатәи Афедеациа аҟынтә иаауа жәабранмза 25 рзы зыҿҳәара хыркәшахо афымцамч  аусура иацҵахоит,. Урыстылатәи Афедерациаҟынтә иаашьҭхо афымцамчы амҽхак иҟоу азымхара ахҽразы, афымцасистемахь иҳархынҳәуеит аԥхын, Егрытәи афымцастанциа иаунажьуа амҽхак анышьақәгылахалак.

 

Иара убас иалацәажәан Аԥсныҟа абылтәы аагара азҵаара. Аиқәшаҳаҭра рыбжьарҵеит аилахәыра "Роснефти" Аԥснытәи аҳәынҭқарратә былтәы еилахәыра "Абхазтопи" Аԥсны Аҳәынҭқаррахь абылтәы аагаразы. Иазгәаҭан ас еиԥш иҟоу аусеицура аџьармыкьа алахәцәа рзы иеиҟароу аҭагылазаашьақәа шаԥнаҵо. Ари аҩыза азнеишьаан идуум абылтәыҭаҭәарҭатә станциақәа  аҭагылазаашьа роуеит  идуу аилахәырақәа рацлабразы, убасала, абылтәы аагара аусгьы ҭышәныртәалахоит.

 

Гәынба Бадреи Сергеи Кириенкои иара убас иалацәажәеит Аԥсны аҵакыраҿы инхо Урыстәылатәи Афедерациа атәылауаа ахәыҷқәа рзы асоциалтә шәатәқәа ралыршара иадҳәалоу аҭагылазаашьа, иара убас уи инамаданы ицәырҵуа азинтә зҵаарақәа.

 

▫️ Иазгәаҭатәуп, иарбоу апроблема Аԥснытәи анацәа рыдагьы, урыстәылатәи атәылауаҩра змоу (Ареспублика Беларусь аламҵакәа - Аидгылатә ҳәынҭқарра иалахәу ҳәынҭқаррак аҳасабала), урыстәылатәи ахәыҷтәы цхыраагӡақәа зауаз ԥасатәи СССР егьырҭ ареспубликақәа руааԥсырагьы шаҵанакуа. Аиԥылараан Гәынба Бадреи Сергеи Кириенкои ари апроблема аӡбаразы еицымҩаԥыргар зылшо ауснагӡатәқәа ирылацәажәеит.

 

▫ ️ Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Гәынба Бадреи Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенкои реиԥылараан иалацәажәан иара убасгьы аилахәыра аԥсуа бызшәа «Яндекс» абжьытә технологиақәа рылаҵаразы иҟоу алшара.

 

 Иазгәаҭан 2025 шықәса анҵәамҭазы аԥсуа бызшәеи абаза бызшәеи амаҵзура «Яндекс Переводчик " ишалаҵаз атексттә формат ала, уи аԥсуа бызшәа ацифраркра арӷәӷәараҿы акрызҵазкуа етапны ишыҟалаз. Убри инаваргыланы «Яндекс» аекосистемаҿы ҳазҭагылоу аамҭазы иҟаӡам аԥсуа бызшәазы абжьытә ҭагалареи абжьытә еиҭагареи рфункциақәа.

 

▫ ️ Анаҩстәи ҷыдала акрызҵазкуа етапны иарбоуп атексттә формат аҟынтәи ажәаҳәа аилкаареи ажәаҳәа асинтези ртехнологиақәа ралагаларахь аиасра, уи иалнаршоит абжьытә маҵзурақәеи ацифратә платформақәеи рҿы аԥсуа бызшәа инагӡаны аҟазаара.

 

▫ ️ Ари апроект анагӡара аҵак ҷыда амоуп аԥсуа бызшәа апрактикатә хархәара ахьалыршахо аусхкқәа рырҭбааразы, раԥхьа иргыланы, абиԥара ҿа рыҩныҵҟа. Ҳаамҭазтәи абжьытә технологиақәа ринтеграциа абызшәа аларҵәареи, уи ииашаны ахархәареи, ацифратә екосистема ианаалартә алагалареи иацхраауеит.

 

▫️ Аԥсны Ахада Гәынба Бадра иажәалагала адгылара аиуит Урыстәыла Ахада Иадмирнистрациа Анапхгаҩы Актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко иганахьала.

 

▫ ️ Аганқәа иара убас ирылацәажәеит аԥсны-урыстәылатәи аусеицура егьырҭ азҵаарақәа жәпакы. 

Read 9 times Last modified on Ахаша, 18 Жәабран 2026 16:00