▫️ Хара имгакәа аусурақәа хацыркхараны иҟоуп Краснодартәи атәылаҿацә амчала. Бадра Гәынбеи Сергеи Кириенкои апроект иахәаԥшит, ахәшьарагьы арҭеит. Аиҭашьақәыргылара аихшьалақәа рыла асқьала анҵәамҭаҿы ицәырҵуеит исаркьалыху акәымпыл, Уи Аҟәа аҭыԥ ԥшӡарақәа иҿыцны ирыцлоит.
▫️ Сергеи Кириенко ажәалагала ҟаиҵеит асқьала аиҭашьақәыргылара апроект аҭыԥантәи ауаа алацәажәаразы, ахәшьара арҭарц азы икыдҵазарц аҭӡаҟны.
▫️ Асқьала аиҭашьақәыргылара урыстәылатәи арегионқәеи, аԥснытәи абизнеси, В.Г. Арӡынба ихьӡ зху Жәларбжьаратәи аҳаирбаӷәазеи иҟарҵо ацхыраарала инагӡахо Аҟәа аԥшаҳәа комплексла аиҭашьақәыргылара иазку мҽхакы ҭбаала аусура иахәҭакуп.