Print this page
Ахәаша, 17 Мшаҧы 2026 10:53

Ахада Жәларбжьаратәи аекономикатә форум «Аԥсны — аԥеиԥш аинвестициақәа ралагалара» аихшьалақәа ирызкыз аилатәара мҩаԥигеит

▫️ Аминистррақәеи аусбарҭақәеи рнапхгаҩцәа ражәахәқәа данырзыӡырҩы, атәыла Ахада алахәцәа зегьы иҭабуп ҳәа реиҳәеит имҩаԥыргаз аусуразы, иазгәеиҭеит афорум ареспублика адиалоги мҽхакы ҭбаала аусеицуреи ишрызхиоу шьақәзырӷәӷәаз иуникалтәу усмҩаԥгатәны ишыҟалаз.

▫️ Гәынба Бадра инаҵшьны иазгәеиҭеит афорум официалла есышықәсатәи еснагьтәи платформаны ишыԥхьаӡоу, аха ахҭыс ахаҭа иазԥхьагәаҭоу апланқәа рынагӡарахь аиасра ишазҳәоу.  

 ▫️ Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит аиҳабыра аусура ахаҭабзиара ашәага-зага хаданы иҟоу: рбага хаданы аӡыргарақәа рҿы иаарԥшхо ацифрақәа ракәымкәа, Аԥсны дарбанызаалак ауаҩы иԥсҭазаашьа ахаҭабзиара аиӷьтәра шакәу. Аҳәынҭқарра Ахада иажәақәа рыла, ари аусура зегьы иааидкыланы ауаа рзы имҩаԥысуеит, дарбанзаалак атәылауаҩ хра злоу аиҭакрақәа инырруа дҟалароуп.

▫️ Арҭ ахықәкқәа рынагӡаразы Аҳәынҭқарра ахада аусура ахырхарҭа хадақәа ҩба алкааны, анапынҵа ҟаиҵеит ахыдҵақәа рынагӡара ахылаԥшра ӷәӷәа аҭаразы. Актәи афорум аҳәаақәа ирҭагӡаны изҵаҩу аиқәшаҳаҭрақәа зегьы рынагӡара иазкуп, документк ақьаад аҿы иаанымхарц азы. Аҩбатәи ахырхарҭа  - аҭакзыԥхықәу аусбарҭақәа шьақәырӷәӷәаны, еилыкка иҟоу аҿҳәарақәеи аҳасабырба аформақәеи рышьақәыргыларала аинвестициатә проектқәа ишиашоу напхгара рыҭара

▫️ Аиалатәара хыркәшо, Гәынба Бадра аусбарҭақәа рнапхгаҩцәа рахь ааԥхьара ҟаиҵеит иреиҳау аҭакԥхықәрала, хаҭала ралахәхареи рзы. Аҳәынҭқарра Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит ареспублика мҽхакы ҭбаала аҿиара амҩа ишаныло, иазалху атемп ҳаракы аларҟәра шыҟамло.

▫ ️ "Афорум хыркәшоуп, аха аусура уажәоуп ианхацыркхаз. Хаҭала шәалахәреи иқәшәыргылаз ахыдҵақәа рзы иааиԥмырҟьаӡакәа аҳасабырбақәеи сырзыԥшуп шәара шәҟынтә. Аус ахь ҳаиасуеит», — ҳәа рылеиҳәеит Ахада.

Read 5 times Last modified on Ахәаша, 17 Мшаҧы 2026 11:19