Print this page
Аԥшьаша, 25 Рашәара 2026 17:42

Аиԥылара иалахәын аԥыза-министр Делба Владимири ашәахтәқәеи аизгақәеи рзы аминистр Бениа Едгари

Асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо, Гәынба Бадра инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсни Урыстәылеи ршәахтә усбарҭақәа русеицура аҵак ду шамоу, иагьазгәеиҭеит аусеицура апрактикатә ҟазшьа шышьҭнахыз, шьҭа алҵшәақәагьы шаанаго.

Аҳәынҭқарра Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит Урыстәыла АШӘМ адунеи аҿы ҳаамҭа иақәшәо, технологиала иҿиоу ашәахтә маҵзурақәа ишреиуоу, урыстәылатәи аспециалистцәа ацифраркреи ашәахтәтә напхгараҭареи русхк аҟны иалдыршаз Аԥсны азы акрызҵазкуа мҩақәҵаганы ишыҟоу.

Атәыла Ахада ахә ҳаракны ишьеит Аԥсны ашәахтәтә система арҿыцраҿы Урыстәыла АШӘМ иҟанаҵо адгылара. Гәынба Бадра иазгәеиҭеит ацифратә мыругақәа, онлаин-кассақәа рсистемеи анапхгараҭара амеханизм ҿыцқәеи уахь иналаҵаны ралагалара шалыршахаз урыстәылатәи аспециалистцәа рыцхыраареи аексперттә хылаԥшреи ирыбзоураны.

Даниил Егоров ирылеиҳәеит ашықәс алагамҭазы иазԥхьагәаҭоу еицырзеиԥшу апроектқәа иарбоу аҿҳәарақәа ирықәыршәаны ишынагӡахо. Иазгәеиҭеит ареспубликаҿы онлаин-кассақәа рышьақәыргылара ишалагахьо.

Уи иажәақәа рыла, аспециалистцәа рҿаԥхьа иқәгылоу азҵаара акырӡа иуадаҩуп, асистема зегьы еилыкка аус аурц азы иаҭахуп аамҭак ала ашәахтәқәҵара қәнагала амҩаԥгареи ашәахтәшәаҩцәа рзы иманшәалоу аҭагылазаашьақәа раԥҵареи.

Даниил Егоров инаҵшьны иазгәеиҭеит апрограмматә ӡбамҭақәа аԥснытәи иколлегацәа рымадара аҵак ду шамоу, урҭ ареспубликаҟны иҟоу аҭагылазаашьа инақәыршәаны қәҿиарала ахархәара ишаҿу.

Аиԥылара ахыркәшамҭаз аҳәынҭқарра Ахада урыстәылатәи иколлегацәа иҭабуп ҳәа реиҳәеит излацәажәоз азҵаарақәа зҿлымҳара ахьарҭо азы, рԥышәа амадареи апрактикатә цхыраара аҟаҵареи иахьазхиоу азы. Гәынба Бадра инаҵшьны иҳәеит ҩ-ганктәи аусеицура аԥхьаҟагьы ишыӷәӷәахало, ареспублика аҿаԥхьа иқәгылоу ауснагӡатәқәа қәҿиарала рыӡбара ишацхраауа.

Read 39 times Last modified on Ахәаша, 03 Ԥхынгәы 2026 16:06