Print this page
Аҩаша, 01 Цәыббра 2026 12:52

Аԥсны Ахада Бадра Гәынба аҵарадырра Амш аҽны Калдахәаратәи ашкол-интернат даҭааит

Калдахәаратәи ашкол интернат аҟны аҵара рҵоит 127-ҩык аҵаҩцәа - урҭ ахәыҷқәа Калдахәара, иара убас Гәдоуҭатәи Гагратәи араионқәа ирыҵаркуеит. Ари ашықәс азы актәи акласс ахь ицеит ааҩык ахәыҷқәа. 

Цәыббрамза акы, ишаԥу еиԥш, аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа хацыркын ашколтә цәаҳәала. Бадра Гәынба аҵарашықәс ҿыц алагамҭа рыдиныҳәалеит арҵаҩцәа, аҵаҩцәа, иара убас урҭ рҭаацәа. 

Ахада иазгәеиҭеит, ари аҵарашықәс азы абжьаратә школқәа 152 аҵаҩцәа рыдкылара ишазыхиоу, зынӡа  ацара шырҵо 29 нызқьҩык ахәыҷқәа. Актәи акласс ахь ицеит 2300-ҩык ахәыҷқәа. 

Аҳәынҭқарра Ахада иқәгылара хациркит ашколхәыҷқәа рыдныҳәара ала: 

«Акыр иаԥсоу актәи акласс ахь зшьаҿа еихызгаз, сҩызцәа хәыҷқәа! Ишәыдысныҳәалоит шәыԥсҭазаараҟны игаз раԥхьатәи шәара шәыҵәҵәабжьы. Ишәзеиӷьасшьоит адыррақәа рахь шәназго шәымҩа маншәалазарц, аҩызцәа бзиақәа шәааигәа иҟазарц, насыԥ лашала иҭәу ашколтә ԥсҭазаара шәымазарц»,- иҳәеит Бадра Гәынба. 

Ахада иҭабуп ҳәа реиҳәеит арҵаҩцәа, иазгәеиҭеит дара рџьабаа аҳәынҭқарразы аҵак ду шамоу, нас дара рами атәыла аԥеиԥш лаша шьақәзыргыло, еизҳауа абиԥара еиҵазааӡо. 

Ҷыдала, Ахада иазгәеиҭеит, аҵара аус инаваргыланы, аҳәынҭқарра ахықәкы хадақәа ишыруаку ҳтәылауаа ргәабзиара ахьчара. 

Иқәгылара хыркәшауа, ашколхәыҷқәа рахь ихы нарханы, Ахада иҳәеит:

«Акыр иаԥсоу ҳхәыҷқәа! Шәара шәабацәа, шәабдуцәа ҳаԥсадгьыл рыхьчеит, аиааиреи ахақәиҭреи ҳзааргеит. Иахьа, шәара ишәуалԥшьоуп игәцаракны аҵара, адыррақәа рышьҭкаара, ҳҳәынҭқарра аргылара аус ацхраара. Шәара - ҳара ҳԥеиԥш шәоуп!».

Read 7 times