Аилацәажәара аусура иалахәуп Аԥыза-министр Владимир Делба, Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Беслан Ешба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ, аҩныҵҟатәи аусқәа рминистр Роберт Киут, Аҳәынҭқарратә шәарҭадара амаҵзура ахантәаҩы Дмитри Дбар, Апрокурор хада Адгәыр Агрба, аекономика аминистр Ҭемраз Амқәаб, ақыҭанхамҩа аминистр ихаҭыԥуаҩ Дмитри Хагәышь, Аконтрольтә палата ахантәаҩы Каха Пертаиа, Ахада иабжьгаҩ Беслан Џьопуа.
Аилацәажәара аартуа, аҳәынҭқарра Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит арҭ апрограммақәа раԥхьа иргыланы иззархиаз араионқәа рыҟны хаҭала апроектқәа рынагӡара иаҿу ақыҭауааи имаҷуи ибжьаратәуи анаплакра ахаҭарнакцәеи адгылара рыҭаразы шакәу.
Бадра Гәынба иажәақәа рыла, аилацәажәара алахәцәа ари аус алҵшәақәа обиективла ахәшьара арыҭароуп: зыҟаҵара алыршоу иарбану, иазоужьу аҳәынҭқарратә ԥарақәа шаҟа хра рыманы ахархәара роуз, шаҟа усуратә ҭыԥ аԥҵоу, урҭ рынагӡара иалҵшәаны економикатә лҵшәаз ироуз.
Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит иара убас еиуеиԥшым амзызқәа ирыхҟьаны инагӡам, аусураан ицәырҵыз апроблемақәа, иарбан гхақәоу иҟаҵаз аилкаара акырӡа шаҵанакуа.
Убри инадҳәаланы аҳәынҭқарра Ахада ажәалагала ҟаиҵеит баша формалла аихшьалақәа рыҟаҵара акәымкәа аҳәынҭқарратә дгылара ауснагӡатәқәа рылҵшәа обиективла ахәшьара ҭаразы, аԥхьаҟатәи аусураҿы иԥсахтәу, еиӷьтәтәу алыркаарц.