Print this page
Ахаша, 09 Цәыббра 2026 12:11

Бадра Гәынба Уфа Аҵараиурҭабжьаратәи акампуси уи ахыбраҟны иҟоу Аԥсны - урыстәылатәи акультуратә центри дырҭааит

Ареспублика Башкорҭосҭан усуратә визитла аҭаара аҳәаақәа ирҭагӡаны Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи аделегациа алахәцәеи Уфа иҟоу Евразиатәи аҭҵаарадырратә центр Аҵараиурҭабжьаратәи астуденттә кампус иаҭааит. Аделегациа дацын Ареспублика Башкортосҭан Аиҳабыра аԥыза-министр Андреи Назаров.   Акампус еиднакылоит ареспубликаҿы иналукааша ауниверситет, аҭҵаарадырратә лабораториақәа, акомпетенциақәа рцентрқәа. Акампус уснагӡатә хадақәаны иазгәаҭаноит аҵареи, аҭҵаарадырреи, ааглыхреи реимадара, русеицура, амаҭәарбжьаратә ҭҵаарақәеи, арҿыцрақәеи, жәларбжьаратәи аусеицуреи рырҿиара.   Аԥсны Ахада ахә ҳаракны ишьеит Уфа иаԥҵоу ҳаамҭазтәи аҭҵарадырратә комплекс. Бадра Гәынба иазгәеиҭеит акампус амҽхак Башкорҭосҭан аҿиара ахырхарҭа хадақәа шаанарԥшуа-аҵара, аҭҵаарадырра, арҿыцрақәа, атехнологиақәа, акадрқәа разыҟаҵара.   Акампус ахыбра аҩныҵҟа Аԥсны Ахада Аԥсны - урыстәылатәи акультуратә центр даҭааны ибеит.   Аҳәынҭқарра Ахада изеиҭарҳәеит ацентр аусура ахырхарҭа хадақәа, аҵаратә, аҭҵаарадырратә, акультуратә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгаразы акмпус алшарақәа, иара убас иалацәажәеит Аԥсни Башкорҭосҭани рҿари, рырҵаҩцәеи, рыҭҵааҩцәеи реимадара арҿиара.   Бадра Гәынба ацентр аусура ахә ҳаракны ишьеит, Ареспублика Башкорҭосҭани Уфатәи аҭҵаарадырреи атехнологиақәеи руниверситети рнапхгара иҭабуп ҳәа реиҳәеит уи аартразы.   Аҳәынҭқарра Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсни Башкорҭосҭани рыбжьара аиҩызаратә еизыҟазаашьақәа рырӷәӷәаразы асеиԥш иҟоу аҭыԥқәа аҵак ҷыда шрымоу.   "Угәы иахәартә иҟоуп ҳҿар Аԥсни Башкорҭосҭани рыжәларқәа реиҩызара атрадициақәа иахьрыцырҵо. Аҿар рҵаратә, рыҭҵаарадырратә, ркультуратә еимадарақәа рыла ауп ари аиҩызара аҵакы ҿыц шаиуа, ишыӷәӷәахо, анаҩс егьырҭ абиԥарақәа ишрымардо», — ҳәа азгәеиҭеит Бадра Гәынба.   Аԥсны Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит астудентцәеи, арҵаҩцәеи, аҵарауааи рыбжьара ишиашоу аимадара аринахысгьы арҭбаара, аҭҵаарадыратәи аҵаратәи проектқәа реицынагӡара аҵак ду шамоу.   Аҟәантәи авидеоеимадарала ацентр аҭаараан аиԥылара лҽалалырхәит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет агеографиеи атуризми рфакультет адекан, агеографиатә ҭҵаарадыррақәа ркандидат, адоцент Маиа Ҟаитанԥҳа.   Уи далацәажәеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университети Уфатәи аҭҵаарадырреи атехнологиақәеи руниверситети рыҭҵаарадырратәи рҵаратәи еимадарақәеи иазгәалҭеит ишьақәгылаз аусеицуреи уи ԥхьаҟатәи аҿиара аԥеиԥши ртәы.   Ҷыдала хшыҩзышьҭра аҭан агеографиеи атуризми рганахьала аусеицура арҭбаара, аҭҵаарақәа реицымҩаԥгара, аҭҵаарадырратә ԥышәа аимдара, иара убас арҵаҩцәеи астудентцәеи рыбжьара академиатә еимадарақәа рыҿиара алшарақәа.
Read 53 times Last modified on Ахаша, 09 Цәыббра 2026 13:27