▫️ Ашьыжь Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба, Ареспублика Башкортосҭан Ахада Ради Хабиров, аделегациа алахәцәа асовет ашҭаҿы аинрал Минигали Шаимуратов ибаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит.
▫️ Анаҩс Аԥсны Ахадеи Башкорҭосҭан Ахадеи Уфа аҭоурыхтә центр аҿы илеиҩеит.
▫️ Ареспублика Аҩнаҿы имҩаԥысит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи Ареспублика Башкорҭосҭан Ахада Ради Хабирови хазы реиԥылара. Аганқәа ҩ-ганктәи аусеицура азҵаарақәа жәпакы ирылацәажәеит.
▫️ Аиҿцәажәарақәа ирыцҵан инарҭбаау аилазаараҿы, аҩ-ганк рделегациақәа рылахәцәа алархәны.
▫️ Аиԥылараан Бадра Гәынба Ареспублика Башкорҭосҭан анапхгара иҭабуп ҳәа реиҳәеит иаадырԥшыз асасдкыларазы.
▫️ Аԥсны Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны астратегиатә партниорс, адгылаҩыс ишыҟоу, аԥсны-урыстәылатәи аизыҟазаашьақәа аиҩызаратә, аидгыларатә, астратегиатә ҟазшьа шрымоу. Абри инамаданы аҵак ҷыда амоуп Аԥсни урыстәылатәи арегионқәеи ишиашоу русеицура аҿиара.
️ ️ Атәыла Ахада инаҵшьны иҳәеит Аԥсны Аҳәынҭқарреи Башкорҭосҭан Ареспубликеи рыбжьара иахьа имҩаԥысуа аусеицура аҩаӡара зеиԥш ҟамлац акәны ишыҟоу. Аусеицура адекларативтә гәҭакқәа рҳәаа иҭыҵижьҭеи акрааҵуеит, иалкаау алҵшәақәа рахь ииасит.
▫️ Бадра Гәынба ҩаԥхьа Башкорҭосҭан анапхгара иҭабуп ҳәа реиҳәеит Аҟәа амшын аԥшаҳәа ахәҭак аиҭашьақәыргыларазы апроект анагӡараҿы иҟарҵаз ацхырааразы.
▫️ Аҳәынҭқарра Ахада иара убас иазгәеиҭеит ахәаахәҭра-економикатә усеицура аҿиареи атауареикәыршара аизҳареи ртәы.
▫️ Хазы хшыҩзышьҭра аҭан Башкорҭосҭани Аԥсни рыбжьара аҳаиреимадара аҿиара. Аҳәынҭқарра Ахада иажәақәа рыла, ишиашоу аҳаиреимадара аартра хра аманы ишыҟоу шьақәнарӷәӷәеит. Акурорттә аамҭахәҭа хада шхыркәшахазгьы ареисқәа рзы акыр азыҳәара шрымоу.
️ ️ Ради Хабиров иазгәеиҭеит аҳәынҭқарра Ахада зхадараҿы дыҟоу Аԥсны аделегациа Башкорҭосҭан рыҟазаара асимволтә ҵакы шамоу, иахьа, Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рыбжьара адипломатиатә еизыҟазаашьақәа шьақәгылеижьҭеи 18 шықәса аҵра амш аҽны.
▫️ Ради Хабиров ахә ҳаракны ишьеит Башкорҭосҭани Аԥсни рыбжьара еиуеиԥшым аусхкқәа рҿы аусеицура аҩаӡара, аекономикеи, аҵареи, акультуреи, аҿартә политикеи налаҵаны. Башкорҭосҭан ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит аусеицура аԥхьаҟагьы ишацҵахо.
▫️ Ради Хабиров иара убас иазгәеиҭеит Ареспублика Башкорҭосҭан аԥснынтәи атауарқәа раагара амҽхак арҭбаара ишазхиоу, ақыҭанхамҩатә аалыҵгьы уахь иналаҵаны, инаҵшьны иазгәеиҭеит ахәаахәҭра-економикатә еимадарақәа ԥхьаҟатәи рырҭбааразы алшара ду шыҟоу.
▫️ Аиԥылараан Бадра Гәынба Ради Хабиров ааԥхьара ииҭеит Аԥсны Аҳәынҭқарра аҭааразы цәыббра 30 рзы – Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш аҽны.
️ ️ Аиҿцәажәарақәа рхыркәшара ашьҭахь Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынбеи Ареспублика Башкорҭосҭан Ахада Ради Хабирови абрифинг еицымҩаԥыргеит.