Print this page
Ахәаша, 11 Цәыббра 2026 11:01

Ишьақәирӷәӷәоуп 2026 ш. жьҭаарамзазы имҩаԥысраны иҟоу арбџьар мчқәа роператив-тактикатә ҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥгаразы ахықәкы хада

 

 

️ ️ Мҽхакы ҭбаала аҽазыҟаҵарақәа рылахәхара азԥхьагәаҭоуп еснагьтәи азхиазаара змоу арратә ҟәшеиҵақәа, Аԥсны Аҳәынҭқарра арбџьар мчқәа ррезервистцәа, иара убас Урыстәылатәи Афедерациа Арбџьар мчқәа рыруаа.

 

▫️ Зымҽхак ҭбаау аҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥгара мҩаԥысраны иҟоуп аԥхынтәи аҵара аамҭа ахыркәшараан. Усҟан иазԥхьагәаҭоуп ҳаамҭазтәи аибашьра иазҷыдароу ар рхархәаразы аформақәеи азнеишьақәеи аус рыдулара, иара убас ҳаамҭазтәи аоперациақәеи аибашьрақәеи рҿы ар ргәыԥқәа рхархәара инамаданы иуадаҩӡоу азҵаарақәа.

 

▫️ Аҽазыҟаҵарақәа мҩаԥысуеит артиллериеи, акәылӡтәы техникеи, авиациеи рхархәарала. Ҷыдала хшыҩзышьҭра аҭахоит зтехнологиа ҳараку аӷа инырҵәареи, анапхгарауреи, арадиоелектронтә ҿагылареи рхархәагақәа рхархәара.

 

▫️ Мҽхакы ҭбаала аҽазыҟаҵарақәа шымҩаԥысуазы Арбџьар мчқәа рыдҵаҟаҵаҩ Хада иахьа адырра ирҭеит Аԥсны атәылахьчара аминистр, аинрал-полковник Беслан Ҵәыџьбеи Аԥсны Арбџьар мчқәа рыштаб Хада аиҳабы, атәылахьчара аминистр актәи ихаҭыԥуаҩ, аинрал-полковник Владимир Савченкои.

 

Read 46 times