▫ ️ «Акыр иаԥсоу аҩызцәа!
▫️ Ишәыдысныҳәалоит агазеҭ «Республика Абхазиа» аколлектив, аредакциа аветеранцәа, арҭ ашықәсқәа рыҩныҵҟа ари аҭыжьымҭа аԥҵара знапы алакыз зегьы, иахьагьы уи аҭыжьра иаҿу агазеҭ 35 шықәса ахыҵра аиубилеи!
▫️ Ҩажәи жәохә шықәса агазеҭ азы баша рыцхәӡам. Ари Аԥсны Аҳәынҭқарра иҿыцу аҭоурых иузаҟәымҭхо иадҳәалоу епоха дуӡӡоуп. «Республика Абхазия» ҭыҵит 1991 шықәсазы, ҳтәылазы акрызҵазкуаз, алахьынҵа аӡбара анымҩаԥысуаз аамҭақәа раан.
▫️ Агазеҭ аҭыҵра ианалага раԥхьатәи амшқәа инадыркны баша аинформациатә хыҵхырҭа мацара иҟамызт – уи ареспублика ауаажәларратәи аполитикатәи ԥсҭазаара иахәҭакхеит, атәылаҿы имҩаԥысуа ахҭысқәа аныԥшуа ишьақәгылеит, Аԥсны алахьынҵа аҳәаақәҵара иалахәыз ауааи ахҭысқәеи раарԥшра иазкхеит.
▫️ Амилаҭтә ԥхьагыла Владислав Арӡынба иӡбамҭала иаԥҵоу агазеҭ аҭоурых аҿы аҭыԥ ҷыда ааныркылоит уи ахыҵхырҭаҿы игылаз ауаа. ««Республика Абхазиа» раԥхьатәи аредактор хадас дыҟан Витали Зиа-иԥа Чамагәуа. Уи идгыланы агазеҭ раԥхьатәи адаҟьақәа аԥырҵон ажурналистцәа, аредакторцәа, аредакциа аусзуҩцәа. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра ашықәсқәа раан арратә корреспондентцәак раҳасабала ззанааҭтә усура иацызҵаз.
▫️ 35 шықәса рыҩныҵҟа аамҭақәа рҽырыԥсахуан, иара убас ажурналистцәа рабиԥарақәа, атехнологиақәа, аинформациа азнагашьа. Аха убри аангьы агазеҭ ԥсахрада ихадараз иқәныҟәон — уи атәылеи аԥхьаҩцәеи ишрызкыз ирызкын, имҩаԥысуаз ахҭысқәа профессионалла реиҭаҳәара, акрызҵазкуа ахҭысқәеи ауааи ргәалашәара аиқәырхара иаҿын.
▫️ Иахьа «Республика Абхазиа» аусура иацнаҵоит аџьынџьтәылатә журналистика иреиӷьу атрадициақәа еиқәырханы, аформат ҿыцқәа анапаҿы иааганы. Агәра ганы сыҟоуп аҭыжьымҭа аԥышәа беиеи ихьӡырҳәагоу аҭоурыхи аԥхьаҟатәи аҿиара шьаҭас ишаиуа.
▫ ️ «Республика Абхазиа» агазеҭ аредакциа аколлектив, аредакциа аветеранцәа, ажурналистцәа, амедиагәыԥ «Аԥснымедиа» аусзуҩцәа зегьы ирзеиӷьасшьоит агәабзиара, арҿиаратә гәамч, азанааҭтә қәҿиара ҿыцқәа, аџьшьараҭара аазырԥшуа аԥхьаҩцәа!»