️️ Аилацәажәара аартуа, аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит ҳазҭоу ашықәс жәымз рыҩныҵҟа Аԥсны ишазгәаҭоу иҟалаз аԥсабаратә рыцҳарақәа ирыдҳәалоу иҷыдоу ахҭысқәа 40 инареиҳаны.
▫️ Аԥсабаратә рыцҳарақәа ареспублика аинфраструктуреи аекономикеи рыдагьы раԥхьа иргыланы ауааԥсыреи, урҭ рыҩнқәеи, рынхамҩақәеи аԥхасҭа рнаҭоит. Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит асеиԥш иҟоу аҭагылазаашьақәа разԥхьагәаҭара шзалымшо, убри азы аҳәынҭқарра аханатә абиуџьет иазыԥхьагәанамҭац аԥаратә хархәага инарыцҵаны иаԥшаар акәхоит.
▫️ Бадра Гәынба инаҵшьны иазгәеиҭеит аҳәынҭқарра аԥхасҭа зауз атәылауаа ацхыраара рыҭара шалнаршо.
▫️ Атәыла Ахада Тҟәарчал араиони, Гәдоуҭа араион Дәрыԥшь ақыҭеи, егьырҭ аиланхарҭақәеи рҿы иҟалаз аԥсабаратә рыцҳара дуқәа рыхҟьа-ԥҟьақәа раԥыхра иалахәыз ауааԥсыреи, анаплакқәеи аиҿкаарақәеи рнапхгаҩцәеи иҭабуп ҳәа реиҳәеит.
▫ ️ «Аҭагылазаашьа уадаҩқәа раан ҩаԥхьа иааҳарԥшит ҳакзаареи наҟ-ааҟтәи ҳаидгылареи. Гәык — ԥсык ала иҭабуп ҳәа расҳәоит аганахь имгылакәа, аԥсабаратә рыцҳарақәа рыхҟьа-ԥҟьақәа раԥыхраҿы ацхыраара ҟазҵоз зегьы», - иҳәеит Ахада.
▫️ Заанаҵтәи аԥхьаӡарақәа рыла, аԥсабаратә рыцҳарақәа рыхҟьа-ԥҟьақәа раԥыхреи аԥхасҭа зауыз ацхыраара рыҭареи рзы ихымԥадатәиу аԥарақәа рзеиԥш мҽхакы 700 миллион мааҭ рҟынӡа инаӡоит. Иахьазы аӡбра рыдыркылеит арҭ ахықәкқәа рзы 306 миллион мааҭ рзоужьразы.
▫️ Аԥсабаратә рыцҳарақәа рыхҟьа-ԥҟьақәа раԥыхразы Аҳәынҭқарратә комиссиа аусура атәы иҳәеит уи ахантәаҩы, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба.
▫️ Иҳәеит иахьазы акомиссиа аилатәарақәа 11 шымҩаԥгоу. Аӡбамҭақәа рыдыркылеит 245 миллион мааҭ азоужьра 26 инфраструктуратә обиект ацхыраара рыҭаразы, иара убас 34 миллион мааҭ 229-ҩык атәылауаа иаларҵаз арзаҳалқәа рыла.
▫️ Ҳазҭагылоу аамҭазы ахәаԥшразы иқәгылоуп аинфраструктуратә обиектқәа рзы 14 зҵаара, урҭ рзы иаҭаху аԥаразоужьра амҽхак иартәоит 145 миллион мааҭ, иара убас атәылауаа рыҟнытә арзаҳалқәа 29 рыла зеиԥшла 6 миллион мааҭ рҟынӡа.
▫️ Абри инаваргыланы, иҳаҩсыз амзазы иҟалаз аԥсабаратә рыцҳара ахҟьа-ԥҟьақәа рыла аԥхасҭа амҽхак ашьақәыргылареи иахәҭоу адокументқәа реизгареи рзы аусура иацҵоуп.
▫️ Аԥыза-министр Владимир Делба иазгәеиҭеит иарбанзаалак ҭагылазаашьа ҷыдаки ԥсабаратә рыцҳараки Аиҳабыра аганахьала хшыҩзышьҭра рымҭакәа ишаанымхо. Ас еиԥш аҭагылазаашьақәа рыхҟьа-ԥҟьақәа раԥырҟәҟәаареи реиҵатәреи иазырхоу ауснагӡатәқәагьы рынагӡара мҩаԥысуеит.
▫️ Хазы аилацәажәараҿы иазааҭгылеит аӡымыҭҟьар албаара иахҟьаны аԥхасҭа зауыз Гәдоуҭа араион ақыҭақәа быжьбеи Гәдоуҭа ақалақь ахәҭаки ӡыла реиқәыршәара азҵаара.
▫️ Имҩаԥырго аусура атәы иҳәеит Шьаҭанкылатәи аргылара аусбарҭа аиҳабы Демир Гамисониа. Иҳәеит ҳазҭагылоу аамҭазы аиланхарҭақәа ӡыла реиқәыршәара аамҭалатәи асхьемала ишеиҿкаау. Убри аан ҩ-қыҭак рҿы аӡы аамҭеихшанҵала ироуеит, убри аан аус зуа асистема атехникатә ҷыдарақәа инарымаданы аӡы иамоу аӷьыра азхом.
▫️ Демир Гамисониа иажәақәа рыла, иаҭаху аӡымҩангагақәа ҿарҵахьеит. Иааиуа ҩымз рыҩныҵҟа иазԥхьагәаҭоуп ӡыла аиқәыршәара асистема инагӡаны аиҭашьақәыргылара алзыршо аусурақәа рымҩаԥгара.
▫️ Аилацәажәара аихшьалақәа ҟаҵо, Бадра Гәынба Аиҳабыра рнапы ианиҵеит аԥсабаратә рыцҳарақәа рыхҟьа-ԥҟьақәа раԥыхреи аԥхасҭа зауыз ауааԥсыра ацхыраара рыҭареи рзы аусмҩаԥгатәқәа афинансрзоужьразы арезерв цҵақәа рыԥшаара.
▫️ Аҳәынҭқарра Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит иҟоу аҭагылазаашьаҿы абри аус аԥыжәара шаҭатәу. Убри инамаданы анапынҵа ҟаиҵеит раԥхьа иргылатәу аҟазшьа змам хаз игоу аусмҩаԥгатәқәа аамҭала иаанкылазарц, иҟоу алшарақәа аҭагылазаашьа ҷыдақәа ирыхҟьаны ицәырҵыз апроблемақәа рыӡбара иазырхазарц.