Print this page
Аԥшьаша, 17 Цәыббра 2026 10:40

Бадра Гәынба: "Хықәкылатәи ахырхарҭала ахархәара змам ахархәагақәа рырхынҳәра ахәҭоуп»

Аԥсны Ахада Бадра Гәынба Ақыҭа ашықәс аҳәаақәа ирҭагӡаны аусмҩаԥгатәқәа рынагӡара аихшьалақәа рыҟаҵаразы аилацәажәараҿы ҵыԥх анаплак маҷи абжьаратә наплакреи рыдгыларазы апрограмма шынагӡаз азы агәынамӡара ааирԥшит.

Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит азинхьчаратә усбарҭақәа анапынҵақәа шрырҭахьоу апрограмма аҳәаақәа ирҭагӡаны иазоужьу аԥарақәа рхархәашьа агәаҭаразы. Убри аан аҳәынҭқарра Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит аҭагылазаашьа аҵыхәтәанынӡа ишнагахо, идҵақәа раанкылара алшоит ҳәа ақәгәыӷра шаҭахым.

«Арҭ аԥарақәа биуџьеттә ԥароуп, ари апрограмма анагӡара иалахәыз дарбанызаалак аҳасабырба нагӡаны иҟаиҵароуп ирзоужьыз аԥарақәа рхы ишадырхәоз азы», — иҳәеит Бадра Гәынба.

Аҳәынҭқарра Ахада инаҵшьны иҳәеит абиуџьеттә ԥарақәа хықәкылатәи ахықәкы мацарала ахархәара шрыҭалатәу – анаплакра аҿиаразы, аусурҭа ҭыԥ ҿыцқәа раԥҵаразы, ашәахтә база арҭбааразы, атәылауаа рыԥсҭазаара ахаҭабзиара аизырҳаразы.

«Хымԥада, дара ҳара ҳәылауаа роуп, ҳҭынхацәа роуп, ҳҩызцәа роуп. Сара еилкаарыла сазнеиуеит, убри аҟынтә даҽа знеишьак ыҟоуп, аиҩызареи аиҭынхареи еиқәзырхо, - уи хықәкыла хархәара змам аԥарақәа рырхынҳәроуп»,-иҳәеит Ахада.

Бадра Гәынба ааԥхьара ҟаиҵеит апрограмма алахәцәа ишьақәгылаз аҭагылазаашьа ҭакԥхықәрала иазнеирц азы хықәкыла хархәара зҭамыз аԥарақәа рырхынҳәразы алшара макьана ишыҟоу.

«Аамҭа ыҟоуп, азинмчратә усбарҭақәа иақәнагоу аӡбамҭа рыдыркылаанӡа. Усҟан аӡәгьы ацхыраара ҳазиҭаӡом», - иҳәеит Ахада.

Read 48 times