Print this page
Аԥшьаша, 17 Цәыббра 2026 21:41

Бадра Гәынба ареспублика адәныҟатәи аполитика азҵаарақәа рзы аилацәажәара мҩаԥигеит

Аилацәажәара аусура иалахәын Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа, Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Беслан Ешба, Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы актәи ихаҭыԥуаҩ Дмитри Шамба, аԥыза-министр ихаҭыԥуаҩ Џьансыхә Нанба, адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц.

 

Аилацәажәара аартуа, аҳәынҭқарра Ахада жәларбжьаратәи аҭагылазаашьа ҳасаб азуны адәныҟаполитикатә хырхарҭала аусура арҿиара аҵак ду шамоу азгәеиҭеит.

 

«Жәларбжьаратәи аполитика ҳаамҭазтәи аҭагылазаашьақәа раан ҷыдала акоординациеи, ҷыдала хшыҩзышьҭра аҭареи аҭахуп. Ҳара аҭагылазаашьа ҳазҿлымҳазароуп жәларбжьаратәи амшахәаԥшьтә аҿы аиҭакрақәа зегьы рықәҿаҳҭлароуп», - иҳәеит Бадра Гәынба.

 

Аҳәынҭқарра Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны адәныҟатәи аполитикаҟны стратегиатә хықәкны ишаанхо ареспублика жәларбжьаратәи азхаҵара арҭбаара.

 

Адәныҟатәи аполитикаҟны ԥыжәара зҭатәу далацәажәо, Бадра Гәынба иазгәеиҭеит ихадароу  хырхарҭаны ишаанхо Урыстәылатәи Афедерациеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи рыбжьара  аиҩызареи, астратегиатә партниорреи, аидгыларатә еизыҟазаашьақәеи рырӷәӷәара.

Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит аусеицура ашықәсқәа рыҩныҵҟала еиҿкаау аиқәшаҳаҭра-зинтә база, 270 инареиҳаны аиқәшаҳаҭрақәа назлоу, ишалнаршо аҩ-тәылак рыбжьара шамахамзар ихадоу ахырхарҭақәа зегьы рыла аинырра арҿиара.

Ахада иара убас инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азхазҵаз аҳәынҭқаррақәеи ҳареи ҳаизыҟазаашьақәа ԥхьаҟатәи рыҿиареи атәыла жәларбжьаратәи азхаҵара арҭбаареи рзы аусура шхымԥадатәиу.

Бадра Гәынба иажәақәа рыла, Африка, Алатинтәи Америка, Азиа уҳәа егьырҭ арегионқәа ртәылақәа злахәу аимадарақәа еихаҳалатәуп, иҟоу аимадарақәа рӷәӷәалатәуп, Аԥсны адәныҟаполитикатә интересқәа раларҵәаразы алшара ҿыцқәа хархәара рыҭалатәуп.

 

Адәныҟатәи аусқәа рминистр Олег Барцыц аҳәынҭқарра Ахада адәныҟаполитикатә хырхарҭала иҟаиҵахьаз анапынҵақәа рынаигӡара инамаданы адырра ҟаиҵеит.

    Аминистр иҳәеит Урыстәылатәи Афедерациа Адәныҟатәи аусқәа рминистрреи егьырҭ изыхәҭоу урыстәылатәи аусбарҭақәеи аус рыцура иааиԥмырҟьаӡакәа ишымҩаԥысуа. 2025-2026 шықәсқәа рзы имҩаԥысит Аԥсни Урыстәылеи рыдәныҟатәи аусқәа рминистрцәа реиԥыларақәа ҩба,  ирылацәажәан ҩ-ганктәи аусеицура азҵаарақәа жәпакы.

Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иааиԥмырҟьаӡакәа хылаԥшра знаҭо азҵаарақәаныОлег Барцыц иазгәеиҭеит Аԥсны иатәылауаау, аамҭакала урыстәылатәи атәылауаҩра змоу аԥсуа студентцәа арратә шәҟәҭаҩра инамаданы иҟоу аҭагылазаашьа. Аҳәынҭқарра Ахада иҟаиҵаз адҵала адәныҟатәи аусқәа рминистрреи урыстәылатәи агани аусура мҩаԥыргоит ас еиԥш иҟоу астудентцәа урыстәылатәи арратә усбарҭақәа рҿы арратә шәҟәҭаҩра ралмыршаразы, избан акәзар урҭ Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны иааиԥмырҟьаӡакәа иахьынхо аҭыԥ аҿы аррамаҵура иахысуеит. Ари азҵааразы аусура мҩаԥысуеит Урыстәылатәи Афедерациа изыхәҭоу аилазаарақәа аус рыцурала.

Read 50 times