Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Мараҭ Камболов Алада Уаԥстәыла Ахада имаҵзурахьы иалхра идиныҳәалеит.
Аҳәынҭқаррақәа рхадацәа ҭелла аицәажәара мҩаԥыргеит.
Бадра Гәынба иазгәеиҭеит алхрақәа рылҵшәа Аахыҵ-Уаԥстәыла атәылауаа Мараҭ Камболов иахь иаадырԥшыз агәрагара шаҳаҭра шазыруа. Аԥсны Ахада Бадра Гәынба иажәақәа рыла, ари аҩыза агәрагара акыр шықәса аҳәынҭқарратә маҵзураҿы иусуреи, егьырҭ аҭакԥхықәра зцу аусбарҭақәа рыҟны еиуеиԥшым амаҵзурақәеи, арҭ ашықәсқәа рыҩныҵҟала иоуыз аԥышәеи ирыбзоуроуп.
'Сара агәра згоит Шәара ишәырҭаз агәрагара Алада Уаԥстәыла Ахада имаҵзураҟны қәҿиарала шәусура шьаҭас ишаиуа. Ҳарҭ ҳажәларқәа жәытәаахыс аҭоурыхтәи аиашьаратәи еимадарақәа рыбжьоуп. Сгәы иаанагоит Шәара анапхараҿы шәыҟазаара аан ҳаизыҟазаашьақәа ҩаԥхьа ишыҿиало, ишыӷәӷәахо, Аԥсни Алада Уаԥстәылеи ирыбжьоу аусеицура амҽхак аҽшарҭбаауа", - иҳәеит Бадра Гәынба.
Мараҭ Камболов Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба иҭабуп ҳәа иеиҳәеит иҟаиҵаз адныҳәаларазы, аԥсуа жәлар аихьӡарақәа рзеиӷьеишьеит.