Асасцәа бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо, Аҳәынҭқарра Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит Екатеринбург имҩаԥысуаз афестиваль апрограмма хада анхыркәшаха ашьҭахь аекспедициа «Аԥсуа цәқәырԥа» аҳәаақәа ирҭагӡаны Жәларбжьаратәи аҿар рфестиваль алахәцәа ареспублика раҭаара иамоу аҵакы.
Бадра Гәынба афестиваль 190 инареиҳаны адунеи атәылақәа рҟынтә аҿар еидызкылаз зымҽхак ҭбаау жәларбжьаратәи хҭысуп ҳәа ахиҳәааит. Аҳәынҭқарра ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит афестиваль аҟны Аԥсны ишахәҭоу еиԥш ишцәыргаз: аԥсуа ҿар алшара роуит рхы аадырԥшырц, еиуеиԥшым аҳәынҭқаррақәа рҟынтә рықәлацәеи дареи реибадыррразы, ридеиақәа реимадаразы, аимадара ҿыцқәа рыбжьаҵаразы.
Аҳәынҭқарра Ахада ҷыдала инаҵшьны иазгәеиҭеит Аҿар жәларбжьаратәи рфестиваль аиҿкааратә еилакы ахантәаҩыс дшамоу ҳџьынџьуаҩ, Урыстәылатәи Афедерациа Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Актәи ихаҭыԥуаҩ Сергеи Кириенко, уи аҿар рыдгылареи рыҿиареи рзы аҭагылазаашьақәа зегьы аԥиҵоит. Бадра Гәынба иҭабуп ҳәа иеиҳәеит аԥсуа делегациа ганрацәала иарҭаз ацхырааразы, иара убас аԥшьгарақәа рынагӡараҿы ирырҭаз ацхыраразы.
Аҳәынҭқарра Ахада хшыҩзышьҭра аиҭеит аекспедициа алахәцәа ргеографиа амҽхак –ареспублика исасцәаны иаҭааит шамахамзар адунеи арегионқәа зегьы рҟынтә 16 тәыла рхаҭарнакцәа. Атәыла Ахада игәаанагарала, уи аԥхьаҟа аимадарақәа рышьақәыргылара, тәылацыԥхьаӡа ауаа, хаҭалатәи аибадыррақәа, аиҩызара, аилибакаара аусхыр азышьҭанаҵоит.
Аҳәынҭқарра Ахада иқәгылараҿы иазгәеиҭеит Аԥсны Аҳәынҭқарра асуверентәра, ахьыԥшымра, уи ахақәиҭра аԥсуа жәлар рықәԥара ишалҵшәахаз, атәыла аҵеицәа гәымшәақәа рыԥсҭазаара ахҭынҵаны ишааргаз. Бадра Гәынба инаҵшьны иҳәеит Аԥсны жәларбжьаратәи азхаҵара хырԥашьа шамам, асеиԥш иҟоу аиԥыларақәеи еиуеиԥшым атәылақәа рҿар рыбжьара аиҿцаареи ари апроцесс арццакра ишацхраауа.
Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит Аԥсны иуникалтәу аԥсабаратә ҭагылазаашьа, иҳәеит дарбанзаалак уи иаҭаауа ара изааигәоу, иҩны гәакьа игәалазыршәо акы шибо.
Бадра Гәынба иқәгылара ахыркәшамҭаз ас еиԥш аиԥыларақәа ирыцҵахоит ҳәа агәаанагара шимоу, асасцәа ирзеиӷьеишьеит ахирра, аинтерес зҵоу аиԥыларақәа.