Бадра Гәынба иазгәеиҭеит уи хымԥада иаҭахуп ҳәа ишиԥхьаӡо, убри аан иҳәеит абаҟа аҭыԥ азалхразы аветеранцәа ражәа аԥыжәара шаҭахо.
Дара еицҿакны иазааит зегь раасҭа иахьақәнагоу ҭыԥуп ҳәа Ешыра ақыҭан, иахьа аҳәынҭқарратә бираҟ ахьықәгылоу ахәы ҳарак ауп.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ашәахьаҽны араионқәа рхадацәа алархәны аилацәажәара анымҩаԥигоз Аҟәа араион Ахада Алхас Ҷыҭанаа адҵа ииҭеит абри азҵаара ахылаԥшра ҷыда аиҭарц. Бадра Гәынба иҳәеит хара имгакәа ишаԥҵахо акомиссиа.
«Зықьҩык инарзынаԥшуа ҳаибашьцәа ахьҭахаз Гәымсҭатәи ацәаҳәа ҳажәлар аҟазаареи аҟамзаареи ианырҭагылаз цәаҳәа ҟаԥшьык иаҳзаҩызан. Убри аҟнытә ҳаибашьцәа рфырхаҵара иасимволу абаҟа аргылара ҳаззегь ҭакԥхықәра ҳаракыла ҳазнеироуп»,- иҳәеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада.