Print this page
Аԥшьаша, 24 Цәыббра 2026 20:13

Бадра Гәынба Ахада иҟны иҟоу Аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи реилацәажәаратә хеилак аилатәара мҩаԥигеит

  Аилатәара аусура ихы алаирхәит Ахада ихаҭыԥуаҩ Беслан Бигәаа. 

Аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи хаҭарнакра рзыруан «Аԥсны жәлар ракзаара афорум" анапхгаҩы Аслан Барцыц, апартиа «Амцахара» ахантәаҩы Алеқсеи Цыгәба, Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә       еибашьра аветеранцәа Рреспубликатә уаажәларратә еиҿкаара «Аруаа» ахантәаҩы Ҭемыр Гәлиа, апартиа «Аиҭаира» ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Иулиан Бобуа.

Аилатәара аартуа, Бадра Гәынба аиԥылара иалахәыз ирыдиныҳәалеит иааиуа Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш.  

«Иахьа ҳҳәынҭқарра аҿаԥхьа иқәгылоу еиҳа актуалра зҵоу азҵаарақәа ҳрылацәажәар сҭахуп. Сара сзы акраҵанакуеит атәыла анапхгара иадгылома, аоппозициаҟны иҟоума аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи ргәаанагарақәа», — иҳәеит Бадра Гәынба.

Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит аиԥылара иалахәу рыбжьара ишыҟоу Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа. Иара инаҵшьны иҳәеит ажәлар ракзаара шакәу Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы аиааира афактор хадақәа ируакхаз, агәрагара ааирԥшит ԥхьаҟатәи аҳәынҭқарратә ргылара азҵаарақәагьы рымчқәа еидҵаны аҵакы змоу алҵшәақәа раарԥшра шалыршахо.

Бадра Гәынба иара убас иазгәеиҭеит аҳәынҭқарра анапхгараҿы даннеи инаркны ишышьақәгылаз еиуеиԥшым ауаажәларратәи аполитикатәи мчқәа аус рыцура апринцип. Уи иажәақәа рыла, атәыла анапхгара азыхиоуп аконструктивтә критика адкылара, иҵаҵӷәырку ажәалагалақәа ҳасаб рыҭара.

Аҳәынҭқарра Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит аполитикатә партиақәеи ауаажәларратә еиҿкаарақәеи рхаҭарнакцәа ргәы иҵхо азҵаарақәа рзыӡырҩра, рылацәажәара дшазхиоу. 

Аиԥылараан ирылацәажәеит аҳәынҭқарра аҿиареи аҳәынҭқарратә мчра аусбарҭақәа русуреи ирыдҳәалоу азҵаарақәа жәпакы. 

Аоппозициатә политикатә мчқәа рхаҭарнакцәа иазгәарҭеит Аилацәажәаратә хеилак аусура аҽалархәра амчреи аоппозициеи реидылара аанагоит ҳәа аамҭа-аамҭала ицәырҵуа агәаанагарақәа ишрықәшаҳаҭым. Инаҵшьны иазгәарҭеит аоппозициатә политикатә мчқәаны ишыҟац ишаанхо, иаартны еиуеиԥшым азҵаарақәа рзы рпозициа шырҳәо, критикала ақәгыларагьы убрахь иналаҵаны, ари апозициа мап ацәкра ргәы ишҭам.  

Аилатәараҿы излацәажәоз азҵаарақәа рхыԥхьаӡараҿы иҟан аԥсуа бызшәа аиқәырхареи аҿиареи, имҩаԥысраны иҟоу апарламенттә алхрақәа, акриминогентә ҭагылазаашьа, афымцамчтә нхамҩа аҭагылазаашьа, аекономика, ақыҭанхамҩа рызҵаарақәа уҳәа иактуалтәу атемақәа.   

Имҩаԥысит агәаанагарақәа реимдара. Аҳәынҭқарра ахада аиԥылара иалахәыз иқәдыргылаз азҵаарақәа инарҭбааны рҭак ҟаиҵеит. 

Иара убас ирылацәажәеит Арегламенти Аилацәажәаратә хеилак аусура анаҩстәи аиҿкаареи ирыдҳәалоу азҵаарақәа. 

Аилацәажәаратә хеилак аилатәара ахҳәаа инарҭбааны икьыԥхьхоит амассатә информациа ахархәагақәа рҿы.

 

 

Read 48 times Last modified on Ахәаша, 25 Цәыббра 2026 11:52