Print this page
Амҽыша, 27 Цәыббра 2026 11:42

Аҳәынҭқарра Ахада Аԥсадгьыл ахьчаҩцәа ҳаҭырла игәалаиршәеит

Цәыббрамза 27 рзы Аҟәа ахақәиҭтәра 33 шықәса ахыҵра иазкны Аԥсны аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Ахьӡ-Аԥша Апарк аҿы иҭахаз рбаҟа амҵан ашәҭшьыҵәрақәа шьҭеиҵеит.

Аҳәынҭқарра Ахада иҟаиҵаз ааԥхьараҿы инаҵшьны иазгәеиҭеит ари арыцхә Аԥсны аҭоурых аҿы аҭыԥ ҷыда шааннакыло. Бадра Гәынба иазгәеиҭеит аибашьра аԥхьатәи амш инаркны ҳаибашьцәа рықалақь гәакьа ахақәиҭтәра шалыршахоз ӷәӷәала агәра ганы ишыҟаз, аԥышәара дуқәа ишырҭагылазгьы, Аиааира агәрагара шырцәымӡыз, шьаҿа-шьаҿала акыр иззыԥшыз ари амш шааигәартәуаз. Иара убас Аҟәа ахақәиҭтәра амш азы адныҳәалареи азеиӷьашьарақәеи ҟаиҵеит:

«Иҟазааит ҳтәылаҟны наунагӡа аҭынчра, еизҳазыӷьалааит Аҟәа есышықәса.

Ҳаҭыр зқәу аҟәаа, ҳауаажәлар, ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, аизҳазыӷьара, аҭынчра!».

Read 39 times