️Аиԥылара алагамҭазы аҳәынҭқарра Ахада алахәцәа иааиуа Аиааира Амш рыдиныҳәалеит, инаҵшьны иазгәеиҭеит ари аныҳәа Аԥсны ажәлар рзы аҵак ҷыда шамоу.
Бадра Гәынба иазгәеиҭеит Гәдоуҭа Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы иааннакыло аҭыԥ ҷыда. 13 мзы инарзынаԥшуа ақалақь ареспублика аҳҭнықалақь афункциақәа нанагӡон. Ара иҟан амилаҭтә ԥхьагыла Владислав Арӡынба зхадараҿы дыҟаз Аԥсны анапхгара, ирыдыркылон ажәлари аҳәынҭқарреи рзы илахьынҵаӡбагаз аӡбамҭақәа, имҩаԥысуан жәларбжьаратәи аиҿкаарақәа рхаҭарнакцәа злахәыз акрызҵазкуа аиҿцәажәарақәа.
Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны ақалақьқәеи араионқәеи зегьы аҳәынҭқарра аҭоурыхи аԥсҭазаареи рыҟны аҭыԥ ҷыда шааныркыло. Уи иажәақәа рыла, угәы иахәартә иҟоуп аҵыхәтәантәи аамҭазы традициа бзианы ишыҟалаз, еиуеиԥшым ақалақьқәеи араионқәеи ирылҵыз, аҭыԥантәи анаплакыҩцәеи акоммерциатә еиҿкаарақәа рнапхгаҩцәеи активла рынхарҭа дгьылқәа рыҟны аԥсҭазаара иахьалахәу, иактуалтәу азҵаарақәа рыӡбара иахьацхраауа.
Абри инамаданы Бадра Гәынба иазгәеиҭеит Гәдоуҭа аҿырԥштәы ала ас еиԥш иҟоу акзаареи агәбылреи аҵак ҷыда шамоу. Сынтәа раԥхьаӡакәны Аԥсны анапхгара рыӡбарала иаԥҵан Ақалақь амш, уи азгәарҭон цәыббрамза 7 рзы. Аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рымҩаԥгара аҳәынҭқарратә биуџьет ишазыԥхьагәанамҭазгьы, аҭыԥантәи анаплакыҩцәа раԥшьгареи рыцхыраареи ирыбзоураны Гәдоуҭа ақалақь-фырхаҵа амш аиҿкааратә ҩаӡара ҳаракы аманы имҩаԥысит.
Атәыла Ахада иҭабуп ҳәа реиҳәеит агәырӷьарақәа реиҿкаараҿы злагала дуу зегьы, иагьазгәеиҭеит иаарԥшу акзаареи, аидгылареи ақалақь гәакьа ҭакԥхықәрала азнеиразы ҿырԥшыга бзианы ишыҟоу.
Аҳәынҭқарра Ахада иара убас иазгәеиҭеит Гәдоуҭа араион анаплакыҩцәа ацхыраара шыҟарҵо аԥсабаратә рыцҳара иахҟьаны ибгаз, араион аӷьырак ӡыла еиқәзыршәо аӡеизгарҭа аиҭашьақәыргылараҿы.
Аиԥылара ахыркәшамҭаз Гәдоуҭа ақалақь амш аиҿкаареи амҩаԥгареи рҿы ацхыраара ҟазҵаз анаплакыҩцәа аҳәынҭқарра Ахада иџьшьаратә шәҟәқәа ранашьан.