Аиааира 33 шықәса ахыҵра иазкыз апарад аҿы иҟаиҵаз ааԥхьараҿы Бадра Гәынба инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсны жәлар рықәԥара напхгара шаиҭоз амилаҭтә ԥхьагыла, Аԥсны Аҳәынҭқарра Актәи Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба, уи ишдгылаз — Аԥсны Арбџьар мчқәа рнапхгаҩцәа, аибашьратә операциақәа напхгара рызҭоз, зыхьӡ наунагӡа Ҳиааира аҭоурых ианылаз ар рԥызацәа хьӡырҳәагақәеи адҵаҟаҵаҩцәеи.