Анаҩс имҩаԥысит Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира 33 шықәса ахыҵра иазкыз арратә парад.
Аԥсны Арбџьар мчқәа Рыдҵаҟаҵаҩ Хада Бадра Гәынба апарад идикылеит, апарад иалахәызи ареспублика ауааԥсыра зегьи рахь ааԥхьара ҟаиҵеит.
«Ҳаҭыр зқәу ҳауаажәлар!
Акыр иаԥсоу аветеранцәа!
Аҩызцәа аофицарцәа!
Ҳаҭыр зқәу асасцәа!
Иахьа иазгәаҳҭоит Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраҿы Аиааира 33 шықәса ахыҵра.
Ҳажәлари ҳҳәынҭқарреи рлахьынҵа ҳәаақәызҵаз аиааира, Аԥсны иҿыцу, зхы иақәиҭу аҭоурых адаҟьа ҿыцны аартра зылшаз.
413 ҵхи мши имҩаԥысуан Аԥсны Жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьра. 413 ҵхи мши аԥышәара хьанҭа, агәымшәара, афырхаҵара. Ари аибашьраҿы есҽны Ҳаԥсадгьыл азы, ҳажәлар рыдгьыл аҟны рхы иақәиҭны анхаразы қәԥаран.
Аиааира иахҭнаҳҵаз даара ирацәоуп. Уи алыршахеит ҳаибашьцәа ргәымшәареи, иаадырԥшыз ахачҳареи, хьаҵрак ҟамҵакәа Аԥсадгьыл ахьчаразы ргылара иабзоураны.
Ҳажәлар зныкгьы гәкаҳарак ҟарымҵеит, Аиааира агәра ргон. Аидыслара ӷәӷәақәа, ацәыӡ хьанҭақәа, зны-зынла илҵшәадаз ажәыларақәа шыҟазгьы, ҳаибашьцәа еиҭа иҩагылон, еиҭа рымчқәа еибыҭаны ԥхьаҟа ицон. Урҭ еидызкылоз мчын рус аиашаразы ирымаз агәрагара, Аԥсадгьыл абзиабара, насгьы иззеибашьуаз бзиаӡаны ирдыруан.
Ари ақәԥара напхгара аиҭон ҳмилаҭ раԥхьагыла, Аԥсны Аҳәынҭқарра актәи Ахада Владислав Григори-иԥа Арӡынба.
Уи идгылан Аԥсны Арбџьар мчқәа, аибашьратә операциақәа напхгара рызҭоз ар рԥызацәа хьӡырҳәагақәеи адҵаҟаҵаҩцәеи. Урҭ рыхьӡқәа наунагӡа Ҳиааира аҭоурых иануп.
Ари аныҳәамш аҽны ҳаԥсадгьыл ахақәиҭра зхы ақәызҵаз зықьҩыла Аԥсны аҵеицәа, хатәгәаԥхарала еибашьуаз ргәалашәара аҿаԥхьа ҳхырхәоит.
Урҭ рфырхаҵара хашҭра ақәӡам.
Дара ирыбзоураны ҳара ҳадгьыл аҿы ҳанхоит, ҳхы ҳақәиҭуп, ҳҳәынҭқарра аргылара, ҳԥеиԥш ачаԥара ҳаҿуп. Иахьа Аԥсынтәыла аҳәынҭқарратәра, аекономиа, жәларбжьаратәи аизыҟазаашьақәа рырӷәӷәара амҩа иануп. Аԥсны Аҳәынҭқарра ахьыԥшымра азханаҵеит Урыстәылатәи Афедерациеиԥш, егьырҭ аҳәынҭқаррақәагьы.
Ҳара иаҳзеиԥшу ҭакԥхықәраны иҳадуп ҳфырхацәа ззеибашьуаз, рхы зқәырҵаз аиқәырхара, ԥхьаҟа агара. Урҭ ргәалашәара иҳаднаҵоит иӷәӷәоу, зхы иақәиҭу аҳәынҭқарра аргылара. Ҳбызшәа, ҳкультура, ҳҵасқәа, ҳҭоурых, ҳмилаҭтә хаҿра реиқәырхара ахьалшо аҳәынҭқарра аргылара.
Иахьатәи апарад иарҵабыргуеит Аԥсны аҭоурых хашҭра шақәым, Ҳаԥсадгьыл ахьчара ҳшазхиоу есқьынгьы.
Акыр иаԥсоу ҳауаажәлар!
33 шықәсы ҵит Аиааира ҳгеижьҭеи. Абри аамҭа аҩныҵҟала абиԥара ҿыц гылеит зхы иақәиҭу Аԥсны Аҳәынҭқарраҟны. Ҳара урҭ ирызнаҳгароуп ҳаԥсадгьыл ахьчаҩцәа рфырхаҵара атәы, агәрагьы ҳгоит ҳтәыла аԥхьаҟатәи аԥеиԥш азы аҭакԥхықәрагьы аҵагылара шрылшо.
Ҳара иҳалшо зегь ҟаҳҵароуп ас еиԥш еиқәырхоу аҭынчра ахьчаразы. Аԥсны ҿиарц, иӷәӷәахарц, ԥхьаҟатәи абиԥарақәа рыԥсадгьыл аҿы рхы иақәиҭны инхаларц.
Рыхьӡ кашәара ақәымзааит Аԥсны ахьчаҩцәа. Урҭ ргәымшәареи иаадырԥшыз Аԥсадгьыл абзиабареи ԥхьаҟатәи абиԥарақәа рзы иҿырԥшыгахааит.
Акыр иаԥсоу ҳауаажәлар, ишәыдысныҳәалоит иахьатәи аныҳәа ду – Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш!
Нагӡара ақәзааит Аиааира! Нагӡара ақәзааит Аԥсны Аҳәынҭқарра!».