Print this page
Ахаша, 30 Цәыббра 2026 18:54

Никарагәуа аицхадацәа Даниель Ортегои Росарио Мурильои Аԥсны Ахада Бадра Гәынба Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш идырныҳәалеит

"Ҳаҭыр зқәу Ахада!

Абри амш ҷыда -цәыббрамза 30, Аԥсны Аҳәынҭқарра Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш аҽны, Никарагәуа Ареспублика Амилаҭтә акзаареи, Аиҳабыреи, Ажәлари рыхьӡала, иара убас ҳара ҳахьӡала, Шәареи Аԥсны жәлари ирыдаҳныҳәалоит, азеиӷьашьара бзиақәа рзынаҳҭиуеит. 

Иахьа ҳара гәырӷьарыла иаҳгәалаҳаршәоит Аиааира иасимволу ари аҭоурыхтә рыцхә, иара убас аԥсуа жәлар иаадырԥшыз афырхаҵара ахақәиҭра азықәԥарзы, ҳарҭ ҳазыхиоуп аԥхьаҟагьы иҳабжьоу иҩызареи аиашьареи арӷәӷәара, ҳажәларқәеи ҳаиҳабыреи еимаздо. 

Никарагәуантәи ишәыдышәкыл аԥхарра зҵоу ҳаиашьаратә бзиабара, аԥсуа жәлар рахь иааҳарԥшуа аҳаҭыр ду".

Read 38 times