Print this page
Аԥшьаша, 01 Жьҭаара 2026 10:56

Аԥсны Ахада Бадра Гәымба Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи ирызку аныҳәатә усмҩаԥгатәқәа рыҽрылазырхәырц усуратә визитла иааз Башкорҭосҭан Ареспублика Аҳәынҭқарратә еизара ахантәаҩы Андреи Назаров дидикылеит

Аҳәынҭқарра Ахада асас аԥсшәа иаҳәо, иҭабуп ҳәа ахиҳәааит Аԥсны иарҭо адгылареи азҿлымҳареи рзы, Башкорҭосҭан Ареспубликеи Аԥсны Аҳәынҭқарреи ирыбжьоу аимадара аҿиара иамоу аҵакы азгәаҭаны.

Бадра Гәынба иҳәеит, Башкорҭосҭан ахаҭарнакцәа Аԥсны раҭаара иҳабжьоу аусуратә еизыҟазаашьа амҽхак арҭбаара ишацхраауа.

Ахада иазгәеиҭеит, ааигәа Аԥснытәи аделегациа Башкорҭосҭан рыҟазаара инамаданы ироуыз агәахәара, аекономикатә асоциалтә хырхарҭақәеи ирызку азҵаарақәуа жәпакы ишрылацәажәаз.

"Иҭабуп ҳәа раҳҳәоит Башкорҭосҭан Ареспублика анапхгара, хаҭала Ради Фариҭ-иԥа Хабиров, Аԥсны аганахь ала иҟаиҵо адгылареи ацхыраареи рзы.

Ахә ҳаракны иаҳшьоит Аԥсны Аҳәынҭқарреи Башкорҭосҭан Ареспубликеи ирыбжьоу аизыҟазаашьақәа рыҿиаразы хаҭала иҟаиҵо алагала.

Андреи Назаров Башкорҭосҭан Ареспублика Ахада Ради Хабиров ихьӡала Аԥсны Ахада Бадра Гәынба дидныҳәалеит, иара убас Аҧсны жәлар аизҳареи аҭынчреи рзеиӷьеишьеит.

Read 35 times