Print this page
Аԥшьаша, 01 Жьҭаара 2026 17:31

Бадра Гәынба Владимир Пухаев дидикылт

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымшныҳәа иазкыз аусмҩаԥгатәқәа зхы рылазырхәырц иааз Алада Уаԥстәыла Ареспублика аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы аминистр Владимир Пухаев дидикылт. 

Асас бзиала шәаабеит ҳәа иаҳәо, аҳәынҭқарра Ахада иҭабуп ҳәа иеиҳәеит Аԥсназы акрызҵазкуа аныҳәамшқәа ихы ахьрылаирхәыз азы, иазгәеиҭеит Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымш аԥсуа жәлар рзы аҵак ҷыда шамоу. 

«Ҳара ҳзы ари аныҳәақәа ирныҳәоуп, Аԥсны жәлар реихьӡарақәа иреиҳау - Аԥсны Аиааира амш. Ҭоурыхла убас еиԥш иҟалеит, Алада Уаԥстәыла ажәларгьы иара убас рхатә ҳәынҭқарраҟны анхаразы ирымоу азин иазықәԥон. Иахьа ихьыԥшым ҳара ҳҳәынҭқаррақәа аҿиара иаҿуп", - иҳәеит Бадра Гәынба. 

Ахада даҽазныкгьы адныҳәалара изицҳаит Мураҭ Камболов Алада Уаԥстәыла Ареспублика Ахада имаҵзура иахагылара инамаданы.

Аԥсны Ахада агәыӷра ааирԥшит ас еиԥш аҳәынҭқарратә ԥышәа ду змоу ауаҩы аполитикахь инеира атәыла аҿиара аусхк ишацхраауа.

Владимир Пухаев Бадра Гәынба иҭабуп ҳәа иеиҳәеит Алада Уаԥстәыла анапхгареи ажәлари ирзикыз ажәа ԥхақәа рзы, иазгәеиҭеит аҵак ду змоу Аԥсны Аиааиреи Ахьыԥшымреи рымшныҳәа иазкыз аусмҩаԥгатә ихы ахьалаирхәыз агәахәа ду шинаҭаз.

Аминистр Алада Уаԥстәыла Ареспублика Ахада Марат Камболов иааишьҭыз адныҳәаларатә шәҟәы даԥхьеит

Адныҳәалараҿы Алада Уаԥстәыла Ареспублика ахада иазгәеиҭеит Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьраҿы ахақәиҭреи, аҭынч ԥсҭазаареи, ихьыԥшым аҿиареи рзы ақәԥараҿы Аиааира згаз аԥсуа жәлар ргәымшәареи, рхачҳареи, имҟәуа ргәаҳәареи ирсимволны иҟалаз 1993 ш. цәыббрмза 30 аҭоурыхтә ҵакы.

Ҷыдала иазгәеиҭеит Аԥсни Алада Уаԥстәылеи иеидызкыло аиашьареи, аиҩызареи, аицхыраареи рҭоурыхтә еимадарақәа.

Алада Уаԥстәыла ахада аиашьаратә Аԥсны ақәҿиарақәа дышрызгәдуу иҳәеит, ахә ҳаракны ишьеит ҩ-республикак рыстратегиатә усеицура. 

Адныҳәаларатә шәҟәы ахыркәшамҭаз Владимир Пухаев Бадра Гәынбеи аԥсуа жәлар зегьи ирзеиӷьеишьеит аҭынчра, аҭышәынтәалара, аизҳазыӷьара, аихьӡара ҿыцқәа, инаҵшьны иазгәеиҭеит аиашьаратә жәларқәа реиҩызара аринахысгьы арӷәӷәара аҵак ду шамоу.

Read 37 times