Аусԥҟа инақәыршәаны 2026 ш. жьҭаарамза 1 инаркны 31-нӡа аррамаҵзурахьы инарыԥхьоит 18 ш. зхыҵуа инадыркны 27 ш. зхыҵуа рҟынӡа, иара убас аррамаҵзура аҟынтә рхы иақәиҭыртәуеит арратә ҧхықәра анагӡараҟнызыҿҳәара хыркәшоу. Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара, араионқәа русбарҭақәа, Аҟәа ақалақь ирыдҵоуп иахәҭоу ауснагӡатәқәа зегьы рымҩаԥгара Аҧсны Аҳәынҭқарра аррамаҵзура иахысраны иҟоу аҿар рыԥхьаразы.