Print this page
Ашәахьа, 05 Жьҭаара 2026 15:01

Бадра Гәынба иеицырдыруа урыстәылатәи аспортсмен Фиодор Емельианенко дидикылеит

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба раԥхьаӡакәны Аԥсны иаҭааз иеицырдыруа урыстәылатәи аспортсмен Mixed Martial Arts-и аибашьратә самбои рзы акырынтә адунеи иачемпионхахьоу Фиодор Емельианенко дидикылеит.

Аспортсмен аԥсшәа иаҳәо, БадраГәынба иазгәеиҭеит иаара акырӡа зҵазкуа хҭысны ишыҟалаз аспорсменцәа ҿарацәа рзы мацара акәымкәа, Аԥсны ауаажәларра зегьы рзы. 

"Аԥсны даара ибзианы ирдыруеит аспорт аҟны шәара ишәымоу аихьӡарақәа. Ҳара ҳаигәырӷьоит аҭагылзаашьа ԥшааны Аԥсны шәахьаҭааз, ҳасортсменцәа адгылара ахьрышәҭаз, иреиҳаӡоу аҩаӡарақәа иахьырхьашәырԥшуазы. 

Шәара шәыԥсҭазааратә мҩа иаҳнарбоит, ауаҩы иҿаԥхьа иқәиргыло ахықәкы дацәхьамҵыр, аихьӡара бзиақәа шааирԥшуа. Агәыӷра сымоуп ҳара ҳаспортсменцәа қәыԥшцәа шәара шәԥышәа, шәыпрофессионализм, аспорт шәазыҟазаашьа азҿлымҳаразы алшара роуп ҳәа", - иҳәеит Ахада.

Федор Емельианенко Аԥсныҟа ааԥхьара ирҭаз иҭабуп ахиҳәааит, ареспублика аҭаара иҭахуижьҭеи акыр шыҵуа азгәаҭаны. "Рыцҳарас иҟалаз, Аԥсны уажәада смааӡацызт. Ари адгьыл — иԥшьоу аҭыԥқәа, ацқьацәа, аԥсуа спортсменцәа ирызкны акыр шсаҳахьоугьы, акыр сшаԥхьахьоугьы. Ҳәарада, Аԥсны иахнагаз аибашьра атәгьы здыруеит. Убри аҟнытә ҳара еснагь шәааигәа ҳаҟоуп, еснагь шәыдгылара ҳазхиоуп», — иҳәеит аспортсмен.

Емельианенко иазгәеиҭеит ареспубликаҿы дыҟанаҵы аԥсуа спортсменцәеи аспорттә уаажәларра ахаҭарнакцәеи рыҿцәажәара дшахьӡаз. Иҳәеит аусеицура ацҵареи аԥышәеимадаразы еиҭа Аԥсны аҭаара дшазхиоу.

"Сара хымԥада Аԥсныҟа схынҳәуеит. Саауеит аԥышәеимдаразы азыҟаҵарақәа мҩаԥызгоит, аҷкәынцәа исымоу адыррақәеи аԥышәеи рыҭара сазхиоуп. Ҳаимадаз, иаҳзымдыруа ҳҵалап. Абарҭқәа зегьы ранҵара алшоит аҷкәынцәа наҟ-наҟ урҭ аматериалқәа рхы иадырхәаларц азы», - иҳәеит иара.

Емельианенко агәыӷра ааирԥшит Аԥсны раԥхьатәи иҟазаара ареспублика аспортсменцәа ҿарацәеи иареи ԥхьаҟатәи русеицуреи реиԥылара ҿыцқәеи ирылагамҭахап ҳәа.

Емельианенко иҳәеит Аԥсны раԥхьатәи иҟазаара ареспублика аспортсменцәа ҿарацәеи иареи ԥхьаҟатәи русеицуреи реиԥылара ҿыцқәеи ирылагамҭахоит игәы ишаанаго.

Read 28 times