Print this page
Аҩаша, 06 Жьҭаара 2026 19:47

Аԥсны Ахада Бадра Гәынба КВН «Аԥснытәи Нарҭаа» акоманда даԥылеит

Аиԥылараан ирылацәажәан акоманда злахәыз инагӡоу, иҟалараны иҟоу апроектқәа, Иара убас Аԥсны аԥхьаҟатәи аҿиара азҵаара.

Акоманда алахәцәа аҳәынҭқарра Ахада иҭабуп ҳәа иарҳәеит ириҭо адгыларазы, иагьазгәарҭеит игәцаракреи ицхыраареи ирыбзоураны акоманда аҿиара ҿыц шаиуз, апроект дуқәа активла рылахәхара ишаҿу.

Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭан Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада ицхыраарала имҩаԥысыз, Актәи аканал аҿы идырбаз Аԥсни Урыстәылеи ркомандақәа рыбжьара ахәмарра.

Аиԥылара алахәцәа ари апроект амҽхак азгәарҭеит, уи иабзоураны Аԥсны урыстәылатәи аудиториа ҭбаа ишаларҵәахаз. Ателехәаԥшратә хәмарраан иҟан аԥсуа темақәа, аԥсышәала ашәақәа, Аҟәеи уи аԥшаҳәеи ирызкыз акадрқәа зымҽхак ҭбаау ателехәаԥшратә транслиациа иахәҭакхеит.

 Иара убас акоманда Бадра Гәынба изеиҭарҳәеит ателехәаԥшратә рҿиаратә еидгылара АМИК анапхгара КВН 65 шықәса ахыҵра иазку аныҳәатә усмҩаԥгатә ахь ишнарыԥхьаз. Аиубилеи мҩаԥгахоит абҵарамза 18 рзы Кремльтәи ахан аҿы.

Аиԥылара иалахәыз ирҳәеит аҳәынҭқарра Ахада ицхыраарала иалыршахаз АԤСНЫТӘИ алига КВН аиҭашьақәыргылара атәы. Ҳазҭагылоу аамҭазы алига шамахамзар Аԥсны араионқәа зегьы рҟынтәи акомандақәа алахәуп.  

Бадра Гәынба иазгәеиҭеит аҿар рзы асеиԥш иҟоу апроектқәа рыҿиара аҵак ду шамоу, инаҵшьны иазгәеиҭеит акоманда «Аԥснытәи Нарҭаа» рырҿиара ареспублика аларҵәара ишацхраауа.

"Иҟашәҵо ҳтәылазы ӡыргара дууп. Аԥсны аӡбахә шәҳәоит, урыстәылатәи аудиториа ирыдыжәгалоит. Зегьы ирыцкугьы — шәара ҳҿар рзы шәҿырԥшыгоуп», - ҳәа азгәеиҭеит Ахада.

Атәыла Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит аҿартә, арҿиаратә, акультуратә проектқәа рыдгылара ишацҵахо, избанзар урҭ аҿар алшарақәа аԥырҵоит, аусеицура иацхрауеит, атрадициақәа еиқәдырхоит.

Read 27 times