Print this page
Аҩаша, 06 Жьҭаара 2026 19:52

Бадра Гәынба «Аԥсны акоманда» анапхаҩцәа реицлабра аҩбатәи асезон афинал аартра аҟны дықәгылеит

Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит апроект аицлабра аформат ишеиҳахаз, ҟазарылеи ҭакԥхықәралеи зусура иазнеиуа абиԥара ҿа реидкыларазы акырӡа ишыцхыраагӡоу.

Бадра Гәынба инаҵшьны иазгәеиҭеит, аицлабра раԥхьатәи асезон наԥшыхақә ишӡырнагаз атәыла акадртә лшара: уи аушьҭымҭацәа асоциалтә хырхарҭалеи абизнес аганахьалеи қәҿиарала аус шыруа аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рҟны.

Иҳаҩсыз ашықәс азы алахәцәеи афинал аҟны аиааира згази 60 инарзынаԥшуа апроектқәеи аԥшьгарақәеи аус рыдырулеит, урҭ реиҳарак азырхан иалкаау ауадаҩрақәа рыӡбареи ауаатәыҩса рыԥсҭазаара ахаҭабзиара аиӷьтәреи. 

Ахада азҿлымҳара аиҭеит аусурахықәкы хаданы ишамаз аԥшьгарақәа рымацара ракәымкәа, иаанашьҭуа алҵшәа, иҟоу ауадаҩрақәа азгәаҭаны рыӡбаразы мҩақәас иҟоу, анаҩс урҭ аҵыхәтәаннынӡа рҭыԥ ишықәҵатәыз. 

Аицлабра аҩбатәи ахәҭаҟны ашәҟәы рҽанырҵеит 3384-ҩык, афинал ахь инеит 60-ҩык алахәцәа, еиуеиԥшым азанааҭқәа змоу, аҳәынҭқарратә маҵзура инаркны аҵарадырра, аусдкылара, ақыҭанхамҩа, аинформациатә технологиақәа, атуризм ахырхарҭақәа рыла.  

Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит алахәцәа атәылаҟны иҟоу ауадаҩрақәа еилкаарыла ишазнеиуа, аекономика аҿиара, аинфрастуктура, афымцамчы, агәабзиарахьчара, аҵарадырра, аекологиа азҵаарақәа убрахь иналаҵаны.

Ҷыдала Ахада иҭабуп ҳәа реиҳәеит урыстәылатәи аҩызцәа апроект аԥҵареи аҿиареи анырра ахьарҭаз. Бадра Гәынба излазгәеиҭаз ала, Аԥсны ахархәара арҭоит иреиӷьу аԥышәа, убри аан акадрқәа разыҟаҵаразы ахатә система шьақәыргыло. 

Афинал аҟны аиааира згаз рахь ааԥхьара ҟаҵо, Бадра Гәынба иҳәеит, иааиуа хымш рыҩныҵҟа ахәшьаратә ԥышәарақәа ирхысраны ишыҟоу. 

Акырӡа аҵанакуеит апрофессирналтә дыррақәа раарԥшра еиԥш, акомандаҟны аусеицура, иуадаҩу аҭагылазаашьақәа рыҟны аӡбамҭақәа рыдкылара, аҭакԥхықәра ахахьы агара. 

Ахада мап ацәикит "Аԥсны акоманда" иарку проектуп ҳәа иҟоу агәаанагара, иазгәеиҭеит дарбанызаалак атәылауаҩ аҳәынҭқарра хәарҭара азҭ Аԥсны акоманда дшахәҭаку. 

Иара игәаанагарала, аҩбатәи асезон иаанартуеит ахьӡ ҿыцқәеи апроектқәеи, афинал аҟны аиааира згаз аус рыцзура хыркәшахаӡом аицлабра анынҵәалак ашьҭахьгьы.

Аиԥылара ахыркәшамҭазы аҳәынҭқарра Ахада алахәцәа ирзеиӷьеишьеит қәҿиарала афиналтә ԥышәарақәа рахысра, Аԥсны аԥеиԥш азы раԥшьгарақәа қәҿиарала рынагӡара.

Read 32 times