Print this page
Аԥшьаша, 08 Жьҭаара 2026 17:08

Бадра Гәынба аицлабра «Аԥсны Акоманда» аҩбатәи ахәҭа афинал аихшьала азура далахәын

Аҳәынҭқарра Ахада Бадра Гәынба анапхгараҭаҩцәа реицлабра «Аԥсны Акоманда» аҩбатәи ахәҭа афинал аихшьалақәа рыҟаҵара далахәын.

Алахәцәа рахь ихы нарханы аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит иҳаҩсыз хымш рыҩнуҵҟа афиналтә хәҭа ишахысыз, рзанааҭтә дыррақәа, рнапхгаратә ҟазара, акомандаҿы аусура, еиуеиԥшым аҭагылазаашьақәа раан аӡбамҭақәа рыԥшаара ахьрылшаз адискуссиақәа, ахцәажәарақәа, апрактикатә ҳасабтәқәа рыӡбара рхы шрыладырхәыз.

Аҳәынҭқарра Ахада ҷыдала инаҵшьны иазгәеиҭеит абиԥарақәа реимадара, ааигәа ишыҟаз актәи аицлабра «Аԥсны Акоманда» алахәцәеи аиааира згази, урҭ рԥышәа рымардон, рколлегацәа ирыдгылон, рылҵшәақәа хьаас ирыман.

Бадра Гәынба дазааҭгылеит апроект аҳәынҭқарратә маҵзуразы абаҩхатәра злоу анапхгараҭаҩцәа раарԥшра адагьы, атәылазы ихәарҭоу апроектқәа, асоциалтә ҟазшьагьы уахь иналаҵаны, рынагӡаразы ҭыԥ бзианы ишыҟоу, уи шьақәдырӷәӷәахьеит актәи ахәҭа аихшьалақәа.

Аҳәынҭқарра ахада агәрагара ааирԥшит Аԥсназы хәарҭара злоу аидеиақәеи апроектқәеи шрымоу азы. Иара инаҵшьны иазгәеиҭеит наҟ-наҟ аус ахьырулакгьы — аҳәынҭқарратә мчра аусбарҭақәа рҿы аума, аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә усбарҭақәа, асоциалтә усхк, аҵараиура, абизнес аҿы уҳәа, егьырҭ ахырхарҭақәа рҿы, - ихадароу рдыррақәеи, рылшарақәеи, раԥшьгарақәеи ареспублика аҿиара иазырхазароуп ҳәа.

Аҳәынҭқарра Ахада АИА «Урыстәыла — алшарақәа ртәыла» адиректор хада Андреи Бетини аплатформа акоманда зегьи иҭабуп ҳәа реиҳәеит ацхыраареи иҟарҵаз адгылареи рзы.

Бадра Гәынба зегьы иҭабуп ҳәа реиҳәеит рхы ахьаладырхәыз, имҩаԥыргаз аус азы. Аҳәынҭқарра Ахада 15-ҩык аиааира згаз анапхгараҭаҩцәа реицлабра «Аԥсны Акоманда» ахраҿақәа ранеишьеит, ирзеиӷьеишьеит ақәҿиарақәеи, аидеиа ҿыцқәеи, иазԥхьагәаҭоу апланқәа рынагӡареи.

Аҳамҭақәа ранашьара ацеремониа ашьҭахь Аҳәынҭқарра Ахада ирылеиҳәеит апроект «Асасдкылара злоу Аԥсны» аҩбатәи ахәҭа ишалаго. Бадра Гәынба ишазгәеиҭаз ала, актәи ахәҭа ишьақәнарӷәӷәеит аԥшьгамҭа аҭахны ишыҟоу ақәҿиарақәагьы шамоу: инагӡаз апроектқәа ареспубликаҿы аԥсшьара еиҳа агәахәара унаҭартә, иманшәаланы иҟарҵеит, апроект ахаҭа асасцәа ажәлар рҭоурыхи, ркультуреи, рыбзазареи еиҳа иааигәаны реилкаара алзыршо акрызҵазкуа социалтә мыруганы иҟалеит.

Read 32 times