Аҳәынҭқарра Ахада адныҳәалара ҟаҵо, иқәгылараҿы иҳәеит:
«Ҳаҭыр зқәу аҩызцәа аофицерцәа, аррамаҵзурауаа, Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа рветеранцәа!
Ишәыдысныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа рымш!
1992 шықәса жьҭаарамза 11 рз,, Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аилашымҭаз Владислав Арӡынба зхадараҿы дыҟаз Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет Апрезидиум атәылахьчара Аминистрреи Арбџьар мчқәа Рыштаб хадеи раԥҵаразы аӡбамҭа аднакылеит. Атәылахьчара аминистр инапынҵақәа рынагӡаҩыс даҭан аполковник Владимир Аршба, Аштаб хада аиҳабыс — аполковник Сулҭан Сосналиев. Абри амш инаркны ихацыркын ҳаамҭазтәи Аԥсуа ар аҭоурых.
Ҳарбџьар мчқәа рышьақәгылара мҩаԥысуан аибашьра адәаҿы, Ҳаԥсадгьыл ахақәиҭреи ахьыԥшымреи рзы ажәыларақәа раан. Убри аҟнытә ари амш ҳара зегьы ҳзы, Аԥсны атәылауаа зегьы рзы аҵак ҷыда амоуп.
Аԥсуа ар ҳажәлар ргәымшәареи, рхачҳареи, имҟәуа рдоуҳаи аныԥшуеит. Аԥсадгьыл ахьчара еснагь аԥсуа жәлар рзы хьыӡ ду аман, иԥшьоу уалс ирыԥхьаӡон.
Ҷыдала иҭабуп шәаҳҳәоит аветеранцәа. Шәара ҳаамҭазтәи Аԥсуа ар ашьақәгылара шәалахәын. Иахьагьы ҳаибашьратә лшарақәа рӷьырак арезервистцәа рыла ишьақәгылоуп, урҭ рхыԥхьаӡараҿы уажәгьы иҟоуп Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьра аветеранцәа. Аветеранцәа рԥышәеи, рдырреи, хаҭалатәи рҿырԥши абиԥара ҿа разыҟаҵаразы аҵак ду рымоуп.
Иахьа аҳәынҭқарра инеиԥынкыланы Арбџьар мчқәа рырӷәӷәара иаҿуп, реибашьратә лшара иазнарҳауеит, хаҭалатәи аилазаара разыҟаҵара асистемеи ар рматериал-техникатә еиқәыршәареи еиӷьнатәуеит. Ҷыдала ахшыҩзышьҭра аҭоуп ҳаамҭазтәи абџьар хкқәа, азыҟаҵара ахырхарҭа ҿыцқәа рырҿиара, аибашьратә ҳәоуеиқәшәара аҩаӡара ашьҭыхра.
Ари аус аҿы ароль ду нанагӡоит ҳадгылаҩ хада – Урыстәылатәи Афедерациеи ҳареи ҳабжьара арра - техникатә усеицура арҭбаара. Ари иалнаршоит Аԥсны атәылахьчаратә лшарақәа рырӷәӷәара, ар реибыҭара аиӷьтәра, ҳарбџьар мчқәа разыҟаҵара аҩаӡара ашьҭыхра.
Иааиуа амшқәа рзы Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи рырбџьар мчқәа рырхәҭақәа алархәны зымҽхак ҭбаау аоператив-тактикатә ҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥгара азгәаҭоуп. Аҽазыҟаҵарақәа раан аус рыдулахоит ар рхархәаразы ҳаамҭазтәи аформақәеи азнеишьақәеи, еиуеиԥшым архәҭақәа реинырреи, аибашьратә зыҟаҵара аҩаӡара ашьҭыхреи. Ас еиԥш иҟоу аҽазыҟаҵарақәа аибашьратә зыҟаҵара агәаҭареиԥш, аидгыларала аусеицура арӷәӷәара, аррамаҵзурауаа рзанааҭдырра аизырҳара, ҳаԥсадгьыл ахьчаразы алшара даҽазныкгьы ашьақәырӷәӷәара иазкуп.
Ҳаҭыр зқәу аофицерцәа!
Иахьа иҭабуп ҳәа раҳәо, иаҳгәалаҳаршәоит Арбџьар мчқәа раԥҵара ахыҵхырҭаҿы игылаз, абџьар шьҭыхны Ҳаԥсадгьыл зыхьчоз, уи зхы ақәызҵаз. Урҭ рфырхаҵара наунагӡа Аԥсны аҭоурых иазынхоит.
Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа аррамаҵзурауааи аветеранцәеи ирзеиӷьасшьоит агәабзиара, ахачҳара, амаҵзураҿы ақәҿиарақәа, аҭаацәараҿы анасыԥ.
Ишәыдысныҳәалоит Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа рымш!»