Print this page
Ашәахьа, 12 Жьҭаара 2026 15:38

Бадра Гәынба Арбџьар мчқәа роператив-тактикатә ҽазыҟаҵарақәа ирызкыз Ашәарҭадара ахеилак аилатәара мҩаԥигеит

Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада, Арбџьар мчқәа Рыдҵҟаҵаҩ Хада Бадра Гәынба жьҭаарамза 12 рзы излагаз, жьҭаара 16 рҟынӡа имҩаԥысло Аԥсны Арбџьар мчқәа роператив-тактикатә ҽазыҟаҵарақәа ирызкыз Ашәарҭадара ахеилак аилатәара мҩаԥигеит.

Аилатәара аартуа, аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит аҽазыҟаҵарақәа рхықәкы хадақәа ишреиуоу ар рнапхгараҭашьа аиӷьтәра, адҵаҟаҵаратәи аоперативтәи еилазаара аофицерцәа ироуа апрактикатә ԥышәа, иара убас Аԥсны Аҳәынҭқарреи Урыстәылатәи Афедерациеи Рырбџьар мчқәа рыбжьара аусеицура аус адулара.

Аҽазыҟаҵарақәа ирылагеит ар аибашьратә зыҟаҵара иреиҳаӡоу аҩаӡараҟны рықәыргыларала. Амобилизациатә ар реиҿкаара азҵаарақәа арратә комиссариатқәа ирыӡбоит аҭыԥантәи аҳәынҭқарратә мчра аусбарҭақәа аус рыцураан.

  Аҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥгара азԥхьагәаҭа азырхиоуп арегион аҿы арра-политикатә ҭагылазаашьа аҿиара аԥеиԥш, аибашьра амҩаԥгаразы зтехнологиа ҳараку ахархәагақәа рхархәара, атактикатә знеишьа ҿыцқәа аус рыдулара шхымԥадатәиу ҳасаб рзуны.

Аҽазыҟаҵарақәа раан иазгәаҭоуп ҳаамҭазтәи аибашьра иазҷыдароу азҵаарақәа аус рыдулара, иҟалар зылшо аӷа зтехнологиа ҳараку анапхгараҭаратә хархәагақәа, аԥшыхәра, арадиоелектронтә ҿагылара, мцала иқәхра рхархәараангьы уахь иналаҵаны. 

 Азԥхьагәаҭа аҷыдарақәа иреиуоуп анапхгара аҩаӡарақәа зегьы рҿы адҵаҟаҵара-штабтә ҽазыҟаҵарақәа рымҩаԥгара, аибашьратә ҭагылазаашьақәа ирзааигәоу аҭагылазаашьақәа раан архәҭақәа рофицертә еилазаара рхархәара, иара убас аӡбамҭақәа рыдкылараан адҵҟаҵаҩцәа рхала аҭакԥхықәра рыдҵара аизырҳара. Иара убас иазԥхьагәаҭоуп ҳџьынџьтәылатә специалистцәа аус здырулаз, аибашьра амҩаԥгаразы аҵак ду змоу арратә ҵакы змоу акомплекс ҿыцқәа рԥышәара. 

«Азҿлымҳара ҷыда асҭоит иазԥхьагәаҭоу аҳасабтәқәа зегьы рынагӡара. Архәҭақәа русбарҭақәа рштабқәа зегьы аус рыдырулароуп», - иҳәеит Бадра Гәынба. 

 Анаҩс, Ашәарҭадара Ахеилак аилатәараҟны ажәахә ҟаиҵеит Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа Рыштаб Хада аиҳабы Владимир Савченко. Адҵаҟаҵаҩ хадеи Ашәарҭадара Ахеилак ахаҭарнакцәеи ирзеиҭеиҳәеит аҽазыҟаҵарақәа шымҩаԥысуа, урҭ рыхәҭа хадақәа, иазԥхьагәаҭоу аусмҩаԥгатәқәа аибашьратә ҩаӡара ҳаракы ишазыҟаҵоу, архәҭақәа ргәыԥқәа русбарҭақәа реиҿкаара, иара убас иалахәу агәыԥқәа реимадара аҳәааақәҵара. 

Аштаб Хада аиҳабы иажәахә дазыӡырҩны, Арбџьар мчқәа Рыдҵаҟаҵаҩ Хада Бадра Гәынба, Ашәарҭадара Ахеилак алахәцәеи аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рнапхгаҩцәеи аҽазыҟаҵарақәа рзы адҵақәа риҭеит.

Аминистрцәа Реилазаара аоперативтә гәыԥ адҵа рыҭоуп иааиԥмырҟьаӡакәа аҵакырадгьылтә хьчара аштаб аилазаараҿы аусура.

Адҵаҟаҵаҩ Хада иазгәеиҭеит аҽазыҟаҵарақәа рҳәаақәа ирҭагӡаны раԥхьаӡа акәны амшын аҟны аусмҩаԥгатәқәа маҷымкәа ишазгәаҭоу. Убри инамаданы, аимадарақәеи архәҭақәа рыдҵаҟаҵаҩцәеи ирыдиҵеит ҷыдала ашәарҭадара азҵаара ахәаԥшра, атәылахьчара аминистр - урҭ рынагӡашьа дахылаԥшырц. 

Аԥыза-министр идҵоуп Арбџьар мчқәа зегьы ганрацәала реиқәыршәара, ацхыраара рыҭара, Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылахьчара аштабқәа русура ахылаԥшра аҭара.

Апарламент ахаҭарнакцәа аҽазыҟаҵарақәа анымҩаԥырго аамҭазы апрактикатә усурақәеи иазԥхьагәаҭоу аусмҩаԥгатәқәа рылахәреи рызҵаарақәа рзы аӡбамҭақәа рыдыркылалароуп.

Амчратә еилазаарақәа рнапхгаҩцәа рнапы ианҵоуп рнапаҵаҟа иҟоу аибашьратә ҳасаб инақәыршәаны иқәыргылоу ауснагӡатәқәа рыӡбара ралахәхара алыршара. 

Атәылахьчара аминистрреи Аштаб Хада аиҳабы —ар ргәыԥ адҵаҟаҵаҩи рнапы ианҵоуп аҽазыҟаҵарақәа рыхәҭақәа зегьы рҿы ар рус аиқәыршәара аиҿкаара.

Read 28 times Last modified on Аҩаша, 13 Жьҭаара 2026 00:41