Print this page
Аԥшьаша, 15 Жьҭаара 2026 11:37

Аԥсны Аҳәынҭқарра Арбџьар мчқәа Рыдҵҟаҵаҩ Хада Бадра Гәынба Атәылахьчара аминистрра ахысырҭақәа руак аҟны ажәыларатә хысрақәа рԥышәаратә ҽазыҟаҵарақәа рылҵшәа инақәыршәаны алахәцәа зегьы иҭабуп ҳәа реиҳәеит русуразы

Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит арезервистцәа рхы шаадырԥшыз, рхатә усқәа шрымазгьы, аамҭа ԥшааны рхы ахьаладырхәыз, имҩаԥысуа аҽазыҟаҵарақәа рҵакы еилкаарыла иахьазнеиз, рҿаԥхьа иқәгылаз адҵақәа гәцаракрыла иахьынарыгӡаз.

Бадра Гәынба иҭабуп ҳәа реиҳәеит архәҭақәа ргәыԥқәа, иара убас азыҟаҵарақәа ирылахәыз аррамаҵзура иахысуа русеицура еиҿкаарыла иахьымҩаԥысыз

Аҳәынҭқарра Ахада иазгәеиҭеит, имҩаԥысуаз аҽазыҟаҵарақәа Арбџьар мчқәа аибашьразырхиара аҩаӡара аизырҳаразы акырӡа шаҵанакуа, иара убас Аԥсны Аҳәынҭқарра атәылахьчареи ашәарҭадареи рус акыр ишацхраауа.

Read 14 times