Print this page
Ахәаша, 16 Жьҭаара 2026 13:26

Аҳәынҭқарра Ахадеи Ниута Федермессери апаллиативтә цхыраара аҿиара иалацәажәеит

 

Аиԥылара иалахәын агәабзиарахьчара аминистр Асҭамыр Гәыниеи агәабзиарахьчара аминистр ицхырааҩ Алхас Џьынџьали.

 

Иалацәажәеит Аԥсны амедицинатә усҳәарҭақәа руак ашьаҭала еиуеиԥшым ачымазарақәа змоу ачымазцәа хьанҭақәа иахәҭоу амедицинатә цхыраареи ахылаԥшреи рыҭара ахьазгәаҭоу апаллиативтә цхыраара аҟәша ҷыда аԥҵара алыршара.

Иазгәаҭан, иаку асистема аҳәаақәа ирҭагӡаны ас еиԥш ацхыраара аиҿкаара ишалнаршо ҷыдала ахылаԥшра, ахьаа ахҽра, аԥсҭазаара ахаҭабзиара аиӷьтәра зҭаху апациентцәа рхылаԥшразы инеиԥынкыланы акомплекстә знеишьа алыршара.

 

Бадра Гәынба инаҵшьны иазгәеиҭеит, ачымазцәа хьанҭақәа зда царҭа амам, зхаҭабзиара ҳараку ацхыраара рыҭаразы аҭагылазаашьақәа раԥҵара акрызҵазкуа усны ишыҟоу.

 

Аҳәынҭқарра Ахада Агәабзиарахьчара аминистрра анапынҵа аиҭеит иарбоу азҵаара аус адуланы, Аԥсны агәабзиарахьчара асистемеи ҳажәлар рмилаҭтә ҷыдарақәа ҳасаб рзурала иахәҭоу ажәалагалақәа разырхиара.   

Read 18 times Last modified on Ахәаша, 16 Жьҭаара 2026 13:38