Print this page
Ахәаша, 16 Жьҭаара 2026 17:24

Бадра Гәынба Аԥсни Урыстәылеи рҿар рфорум ааиртит

 

Аиԥылара иаҭааз асасцәеи уи алахәцәеи бзиала шәаабеит ҳәа раҳәо, аҳәынҭқарра Ахада инаҵшьны иазгәеиҭеит Аԥсни Урыстәылеи раԥхьагылаҩцәа ҿарацәа еидызкыло ас еиԥш ахаҭарнакратә форум адкылара Аԥсназы иамоу аҵак ду. Уи иажәақәа рыла, ас еиԥш иҟоу аиԥыларақәа аҵак ҷыда рымоуп: урҭ аҿар еиҳа иааигәаны реибадырреи, аԥышәа аимдареи, азеиԥш интересқәа рыԥшаареи рзы алшара рырҭоит, агәреибагара арӷәӷәоит, ҳажәларқәа реизыҟазаашьақәа рыҿиараҟны уасхырны иаиуеит.
 

Бадра Гәынба иҳәеит афорум актәи ахәҭа ҳазҭоу ашықәс лаҵарамзазы Нальчик ишымҩаԥысыз, иара убас иҭабуп ҳәа иеиҳәеит Ҟабарда-Балкариатәи Ареспублика Ахада Казбек Коков, иазгәеиҭеит уи ицхыраара иабзоураны аусмҩаԥгатә ҩаӡара ҳаракыла имҩаԥысит, Аԥсни Урыстәылеи рҿар рыбжьара аиҩызаратә еимадарақәа рырӷәӷәаразы акрызҵазкуа усмҩаԥгатәны ишыҟалаз. Аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит аԥсуа ҿар ари аныҟәара гәыблыла иргәаладыршәоит ҳәа игәы ишаанаго, аиашьаратә Ҟабарда-Балкариа аҭоурыхи, акультуреи, асасдкылареи рдырра ирнаҭаз шырацәоу.

 

Атәыла Ахада иқәгылараҿы ҷыдала иазгәеиҭеит Аԥсни Урыстәылеи шықәсырацәалатәи аҭоурыхтә еимадарақәа, аҳаҭыреиқәҵареи аидгылареи рытрадициақәа ишеидырҳәало. Арҭ аизыҟазаашьақәа рыӷәӷәара алдыршоит аҳәынҭқарратә ҩаӡараҿы аусеицуреиԥш, ажәларқәа рыбжьара ауаҩытәыҩсатә еимадарақәеи, агәрагареи, аилибакаареи.

 

Бадра Гәынба инаҵшьны иазгәеиҭеит аҿар аиԥылареи, аиҿцәажәареи, аҵареи, аусуреи рзы ирымаз алшара аҵак ду шамоу. Аҳәынҭқарра Ахада иаҵшьны иҳәеит афорум алахәцәа раԥхьатәи ашьаҿақәа шыҟарҵогьы, дара шракәу ҳаԥхьаҟа ртәылақәа рырҿиара знапы иану, уаанӡатәи абиԥарақәа ихацдыркыз аусеицура атрадициақәа ирыцызҵараны иҟоу шракәу.

 

Аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит ҳҿар асасцәа рыҟазаара агәахәара рнаҭартә еиԥш, Аԥсни дареи реибадырра аиҩызара ду иалагамҭаны иҟалартә еиԥш ирылшо зегь шыҟарҵо.

 

Ахыркәшамҭаз Бадра Гәынба афорум алахәцәа хра злоу аусуреи аинтерес зҵоу аибадыррақәеи рзеиӷьашьо, ирылеиҳәеит аԥсны-урыстәылатәи аҿар рфорум аартра атәы.

Read 16 times Last modified on Ахәаша, 16 Жьҭаара 2026 17:27