Ахада иқәгылараҿы иазгәеиҭеит Шьалуа Инал-иԥа иҭҵааратә усура аԥсуа ҭҵаарадырраҟны иҷыдоу аҭыԥ шааннакыло. Аҵарауаҩ иԥсҭазаара азкын аԥсуа жәлар рҭоуыхтә мҩа, ркультура, рқьабзқәа, рыбзазара, рдоуҳатә ҭынха аҭҵаара. Иара кыршықәсалатәи иусура иабзоураны аԥсуа жәлар ирызку адыррақәа еизҳауа абиԥарақәа рызнагара алыршахеит, иусумҭақәа амилаҭтә ҭынха иахәҭакны иҟалеит.
Аҳәынҭқарра Ахада инаҵшьны иҳәеит Шьалуа Денис-иԥа уаҩык иаҳасабала ихаҭара, дзыхӡыӡаауаз, ихшара ирылаиааӡоз аҵсқәа ҷыдала хшыҩзышьҭра рыҭара ишаԥсоу. Шьалуа Инал-иԥа, иара иԥшәмаԥҳәыс, еицырдыруа аҵарауаҩ Мира Константин-иԥҳа Хотелашвили - Инал-иԥа, рыԥсҭазаара зегьы рыԥсадгьыл абзиабара иазкын, ирылаз апатриотизмра ҿырԥшыган. Уи шьақәзырӷәӷәо акоуп рԥа Адгәыр Инал-иԥа Аԥсны Аџьынџтәылатә еибашьраҟны иааирԥшыз афырхаҵара. Дышқәыԥшызгьы, абаҩхатәра злаз ҵарауаҩын, афизика аҭҵаара аус инапы алакын, агәыӷра дуқәа идырҳәалон. Адгәыр Инал-иԥа ихымҩаԥгашьа иаанарԥшуеит иҭаацәараҟны иларааӡоз Аԥсадгьыл абзиабара, ҳажәлар рԥеиԥш азы ихамеигӡара.
Бадра Гәынба иазгәеиҭеит Шьалуа Денис-иԥа Инал-иԥ иҭаацәа еизҳауа абиԥарақәа рзы ҿырԥшыганы ишыҟоу.
Ахада иҳәеит Шьалуа Инал-иԥа иҭҵаарадырратә ҭынха аиқәырхареи арҿиареи ҳҳәынҭқарреи ҳауаажәларреи рҿаԥхьа иқәгылоу азҵаара хадақәа ишыруаку, иара убас иҳәеит иусумҭақәа рыҭҵаара ишацҵатәу, ишеиҭаҭыжьтәу.
Ҷыдала иазгәаҭан аԥхьарақәа ишрылахәыз Аҩада Кавказтәи Ареспубликақәа рыҭҵаарадырратә институтқәа рхаҭарнакцәа, аҵарауаа, уи шаҳаҭра ауеит Шьалуа Инал-иԥа иҭынха Каквказ зегьы азы акырӡа шаҵанакуа аиашьаратә жәларқәа рҭоурыхи ркультуреи рыҭҵаараҟны.
Аҳәынҭқарра Ахада иҳәеит аԥхьарақәа лагала дуны ишыҟало Шьалуа Денис-иԥа Инал-иԥа иҭҵаарадырратә усумҭақәа рҭынха аԥхьаҟатәи рыҭҵаараҟны, уи еиднакылоит Аԥснеиԥш уи анҭыҵгьы аҭҵаара аус знапы алаку зегьы, аҭҵааратә усураҟны ахырхарҭа ҿыцқәа аанартуеит, аҵарауаа ҿарацәа аднаԥхьалоит.
Аиԥылара ахыркәшамҭаз Бадра Гәынба аԥхьарақәа иралахәу ирзеиӷьеишьеит алҵшәа змоу аусура, хра змоу змоу аиҿцәажәарақәеи аартра ҿыцқәеи.