Адыгеиеи, Ҟабарда-Балҟариеи, Ҟарачы-Черқьесиеи Жәлар рышәҟәыҩҩы, «Ахьӡ-Аԥша» аорден II аҩаӡара занашьоу Исҳак Машбаш иахьа 95 шықәса ихыҵит.
Маиҟәаԥ аныҳәатә усмҩаԥгатә аҟны Аԥсны Ахада Гәынба Бадра иҟнытә адныҳәалареи аҳәынҭқарра Ахада Иусԥҟеи даԥхьеит Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бигәаа Беслан.
Аԥсны Аҳәынҭқарра аофициалтә делегациа аилазаараҟны аныҳәатә усмҩаԥгатә иалахәын Ахада Ихаҭыԥуаҩ Бигәаа Беслани Ахада Иадминистрациа Анапхгаҩы Ешба Беслани.