Print this page
Аԥшьаша, 29 Лаҵара 2025 11:09

Аԥсны Ахада Гәынба Бадра Багаԥшь Сергеи Уасил-иԥа игәалашәара амш азы Џьгьарда ақыҭан иԥсыжырҭа даҭааит

Гәынба Бадра Аԥсны Аҳәынҭқарра Ахада Аҩбатәи Ахада Багаԥшь Сергеи Уасил-иԥа игәалашәара амш азы Џьгьарда ақыҭан иԥсыжырҭа даҭааит.


Агәалашәара иазкыз аусмҩаԥгатә иалахәын иара убас аԥыза-министр Делба Валери, Аԥсны иҟоу Урыстәыла ацҳаражәҳәаҩ Михаил Шургалин, аиҳабыра алахәцәа, Апарламент адепутатцәа, ауаажәларра рхаҭарнакцәа.

2011 шықәса лаҵарамза 29 рзы иԥсҭазаара далҵит Аԥсны Аҳәынҭқарра аҩбатәи ахада Сергеи Уасил-иԥа Багаԥшь.  

Read 13 times