Ари амш афырхаҵара, ахамеигӡара, дасу инапы иану аус ацәхьамҵра иасимволуп. Шәара шәмаҵзура иабзоураны аҳәынҭқарратә ҳәаа ахьчара алыршоуп.
Ҳаамҭазтәи ашәарҭарақәа раан аҳәаахьчаратә усбарҭақәа рроль ахә ашьара уадаҩуп. Шәара аҳәынҭқарра ахьчаразы шәгылоуп иҳараку апрофессионализм, ахачҳара, ахьамҵра аарԥшуа.
16 шықәса раахыс Урыстәылатәи Афедералтә шәарҭадара амаҵзура Аҳәаахьчаратә усбарҭа аԥснытәи аҳәаахьчаҩцәа ирыдгыланы ҳтәыла аҳәаақәа рыхьчара иаҿуп.
Сынтәа ҳара иазгәаҳҭоит Аџьынџьтәылатә еибашьра дуӡӡаҟны Аиааира 80 шықәса ахыҵра. Абри инамаданы ҳаҭырла иаҳгәалаҳаршәоит 1941 шықәса рашәарамзазы Асовет еидгыла иақәлаз афашистцәа раԥхьа ирԥылаз асоветтә ҳәаахьчаҩцәа. Иахьа шәара афырхацәа-аҳәаахьчаҩцәа рус иацышәҵеит.
Абри аныҳәамш аҽны, ҳаҭыр зқәу Сергеи Валентин-иԥа, аҳәаахьчаҩцәа зегьы, гәыкала ишәзеиӷьасшьоит агәабзиара, ахирра, ахачҳара, аринахысгьы аихьӡарақәа Аԥсадгьыл амаҵ аураҟны!
Иҟазааит наунагӡа ҳҳәаақәа рыҟны аҭынчра!