Print this page
Ахаша, 13 Нанҳәа 2025 18:30

Гәынба Бадра Мусса Екзақь Иира амш идиныҳәалеит

 

 

Аҳәынҭқарра Ахада Мусса Хабал-иԥа иҭабуп ҳәа иеиҳәеит аԥсуа-абаза жәлар реидкылара, акультуратә традициақәа реиқәырхара, аҳәаанырцә иҟоу ҳџьынџьуаа реимадара арӷәӷәара аус аҟны хаҭалатәи илагаламҭазы

 

 «Адунеизегьтәи аԥсуа-абаза конгресс Иреиҳаӡоу ахеилак Ахантәаҩы имаҵураҟны абаҩхатәра змоу аҿар реидкылара, амилаҭтә ҭҵаарадырреи акультуреи рырҿиара иазку апроектқәа рынагӡара ирзынархоу Шәара шәусура аҳаҭыр иаԥсаны иҟалеит. Ҳажәлар рзы иҟашәҵо зегьы шәаргьы ишәзааигәоугьы ибзиараны ишәԥылааит», — иҳәеит Гәынба Бадра.

 

Ахада Мусса Екзақь изеиӷьеишьеит агәабзиара, еицакра змам агәамч, аихьӡарақәа аԥсуеи абаза жәлари рыхьӡала имҩаԥиго аусураҟны.    

Read 9 times